Тамшьтәи афырхацәа рбаҟа еиҭашьақәыргылоуп

Ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Тамшь ақыҭан ихацыркын аԥсуа мшынтә десант аӡхыҵра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку Тамшь ақыҭантәи абаҟа еиҭашьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Вадим Занҭариа.

Бебиа Тамшьтәи адесант азы: ҳхықәкы хада наҳагӡеит

"Адесант аӡхыҵра 26-шықәса ахыҵра аламҭалаз атәыла ахада иахь аҳәара ҟасҵеит абаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥара ҳзоурыжьырц. Аԥара ҳарҭеит, аусуцәагьы иаразнакы аусура нападыркит", - иҳәоит иара.

Ақыҭа ахада иҳәеит иакәыршаз аанда, иара абаҟа астелла, иқәыз акафель, афымцатә цәаҳәақәа зегь шыԥсахыз.

"Абаҟа 11 шықәса раԥхьа иаартын, арҽеиратә усурақәа аҭахны иҟан", - иҳәоит Вадим Занҭариа.

Ԥхынгәымзазтәи ажәылара аибашьра ахырхарҭа еиҭазкыз хҭысны иҟалеит. Гәдоуҭантәи Тамшь ақыҭаҿ иӡхыҵыз амшынтә десант ақырҭуа ар Аҟәаҟа рымҩасра ааныркылеит. Уи алагьы Гәымсҭантәи аҳҭнықалақь иазнеиуаз аԥсуа ар аԥсгара рыҭан.