Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит иарбан цхыраароу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаиуз

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым ҳада Игор Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ааигәа амедицинатә маҭәахәқәа ахәшәтәырҭа ҳамҭас ишарҭаз.
Sputnik

Ростовтәи аилахәра "Биофарми" "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи" Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа амедицинатә маҭәахәқәа рыла ацхыраара арҭеит ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳақьым хада.

Џьопуа еиҭеиҳәеит иарбан цхыраароу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаиуз

"Атехника ҳазрыцҳауп. Ахәыҷтәы церебралтә дабла чымазара змоу аԥҟарақәа рзыҟаҵаразы аортопедиатә еишәа ҳамаӡамызт, убасгьы аԥҟараан ухы иаурхәо афымцалашаратә маҭәахәгьы. Урҭ ҳамчала раахәара ҳалшомызт, рыхә 700 нызқь мааҭ рҟынӡа ыҟоуп, иара убасгьы иҵегьы амаҭәахәқәа зыхә 400-500 нызқь мааҭ рҟынӡа ыҟоу ҳзааргеит, ҳамҭас иҳарҭеит", - иҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.