Иҷыдоу ахәыҷқәа рдунеихәаԥшыра – ахәыҷтә сахьақәа рцәыргақәҵа

Ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыҭира-цәыргақәҵаан илххо аԥара азырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Анелы Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазара "Айнар" аҟны ашәахьа, ԥхынгәы 8 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Афонд "Ашана" Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Ацәыргақәҵахь инагахоит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа 22.

"Арахь иааиуа дарбанызаалак илшоит игәаԥхаз аусумҭа аахәара. Ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыҭира-цәыргақәҵаан илххо аԥара азырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Анелы Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәра", - еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Егьырҭ аусумҭақәа инарываргыланы ицәыргахоит лара, Анела Лакашьиаԥҳа лҭыхымҭагьы. Лара зусумҭақәа ықәзыргыло зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәоит, избанзар илгахо аԥара лара лыхәышәтәроуп иззырхахо.

Анела аԥхьаҟатәи ацәыргақәҵагьы аҽалархәра лҽазыҟалҵоит. Уажәнатә иҭылхша асахьа дазхәыцуеит. Илҭахуп Аԥсны аԥсабара ссир ҭылхырц.