Ҭырқәтәыла уаанӡа идырмыз аԥсуа қыҭақәа ҩба рыԥшааит

Аладатәии Аҩадатәии Ихсаанье ақыҭа, 300 аԥсуа ҭаацәарақәа ахьынхо, ԥхынгәы 13 рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа ирыхәҭакхоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5– Sputnik. Ҭырқәтәыла уаанӡа идырмыз аԥсуа қыҭақәа ҩба - Аладатәии Аҩадатәии Ихсаанье рыԥшааит ҳәа радио Sputnik иазааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмч змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

Арҭ ақыҭақәа рыхарара иахырҟьаны уаанӡа рыӡбахә рыздырамызт. Иара дара уатәи ауааԥсырагьы ирыздырамызт аԥсуа культуратә центрқәа рыӡбахә.

Ҳаразиа: Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо даҽа ҩ-қыҭак рхаҭарнакцәа ахеидкыла рзеиҿкаахоит

Мызқәак раԥхьа Вадим Ҳаразиеи аԥсуа культуратә центрқәа рхаҭарнаки Синоп рыҟазаараан изықәшәаз аԥсуаа рҟынтәи арҭ ақыҭақәа рыӡбахә раҳаит.

"Амҳаџьырқәа арҭ адгьылқәа аҭырқә ирзалихит. Уаанӡа ара аӡәгьы дынхомызт. Ара инхоит ажәлақәа: Анқәаб, Аҩардан, Багаԥшь, Кәыҿба. Зынӡа инхоит 300 ҭаацәара", – иҳәоит Вадим Ҳаразиа.

Ара инхо ауаа рышьҭра рдыруеит, рҭоурых рдыруеит.

"Раԥсуа бызшәа маҷк ихәанчазаргьы ирҳәоит. Аԥсуа чыс ҟарҵоит", - еиҭеиҳәоит Ҳаразиа.

Аладатәии Аҩадатәии Ихсаанье рыҟазаара ашьҭахь Аԥсуа федерациақәа рхаҭарнакцәа урҭ ирныруа иалагеит. Аладатәии Аҩадатәии Ихсаанье ақыҭа, 300 аԥсуа ҭаацәарақәа ахьынхо, ԥхынгәы 13 рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа ирыхәҭакхоит.