Ҵәыџьба алхрақәа рзы: аҩнуҵҟатәи аҭахра алрымхлар, сзин схы иасырхәалоит
© Sputnik
"Сара алхрақәа рахь сымнеиӡацт, знык иадымхаргьы программак сымбеит. Урҭ ҟалалозаргьы ихҩылаау роуп. Сгәаанагарала алхрақәа ҩба-хԥа шықәса шрыбжьоу акомандақәа рыҽцәырыргароуп, аха ус акгьы ыҟам. Имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы адәахьтәи аполитикатә нырра ду ауп ирымоу. Изҳәо маҷзаргьы сара сҿала иҳәазааит, араҟа ҳахәаԥшуеит Урыстәыла иагәаԥхо иагәамԥхо. Аха ҳара ҳазыхынҳәроуп ҳаҩныҵаҟа иаҳгәаԥхо иаҳгәамԥхо ахь. Уахь ҳамгежьуазар, исымоу азин схы иасырхәоит- алхрақәа рахь рымнеира. Уи егоизмӡам, избанзар сыԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыло снеиуеит", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.