Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба алхрақәа рзы: аҩнуҵҟатәи аҭахра алрымхлар, сзин схы иасырхәалоит

© Sputnik Анжелика Бения Художник Нодар Цвижба
Художник Нодар Цвижба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа рҟны абжьы зырҭода, иҟоума аидеиақәа реиндаҭлара, аҿҳәара змоу апрограммақәа? Абарҭ азҵаарақәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҵәыџьба алхрақәа ирызкны

"Сара алхрақәа рахь сымнеиӡацт, знык иадымхаргьы программак сымбеит. Урҭ ҟалалозаргьы ихҩылаау роуп. Сгәаанагарала алхрақәа ҩба-хԥа шықәса шрыбжьоу акомандақәа рыҽцәырыргароуп, аха ус акгьы ыҟам. Имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы адәахьтәи аполитикатә нырра ду ауп ирымоу. Изҳәо маҷзаргьы сара сҿала иҳәазааит, араҟа ҳахәаԥшуеит Урыстәыла иагәаԥхо иагәамԥхо. Аха ҳара ҳазыхынҳәроуп ҳаҩныҵаҟа иаҳгәаԥхо иаҳгәамԥхо ахь. Уахь ҳамгежьуазар, исымоу азин схы иасырхәоит- алхрақәа рахь рымнеира. Уи егоизмӡам, избанзар сыԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыло снеиуеит", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0