Арадио

Ҷыҭанаа: иԥхасшьон сцәаҳәақәа аӡәы ирбара, рцәыргара сгәы анақәмыз ыҟан

ААУ ажурналистика аҟәша астудент, апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажәеинраалақәа рыҩра дшалагаз, насгьы раԥхьтәи иаԥхьаҩ дазусҭаз.
Sputnik
Ҷыҭанаа: иԥхасшьон сцәаҳәақәа аӡәы ирбара, рцәыргара сгәы анақәмыз ыҟан

"Аҩбатәи акласс аҿы стәан ахәыҷтәы жәеинраалақәа рыҩра саналагаз. Раԥхьа саб иоуп изсырба, иара "уаҟәымҵын, уҩла!" ҳәа дсабжьеит. Нас аамҭаказы иаансыжьит, аабатәи акласс аҟынӡа зынӡагьы сыҩуамызт, аха нас сазыхынҳәын аҩра салагеит, амала иԥхасшьон аӡәы ирбара, ацәыргара сгәы ақәӡамызт. Ашкол саналгоз аамҭазы ԥыҭк еизеит, нас хәыҷы-хәыҷла идсырбо салагеит, зхала аԥхьара изгазгьы дҟалеит. Сара исыҩуа сцәанырра ирхылҵуа ацәаҳәақәа роуп, урҭ иҟалоит есыҽны ианааиуа, иҟалоит мызкы знык-ҩынтә", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.   

Аинар иажәақәа рыла, иара иалихыз азанааҭи алитературеи зынӡа ишеиԥырхагам,  уимоу, ииашан уаназнеи, ихеибырҭәааргьы шалшо.

"Уажәы ахԥатәи акурс аркны, аԥшьбатәи ахь сыиасит, иахьатәи аамҭаз зегь реиҳа ихадоу хықәкуп сызҭоу аҵара анагӡара, анаҩсгьы иара азанааҭ ала аусура. Ажурналистика машәыршәа иалсымхӡеит, схала исыӡбеит, сагьахьымхәыцт. Алитературеи ажурналистикеи еиԥырхагамхо хырхарҭақәоуп, ииашан уаназнеигьы, ихеибаурҭәаар улшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.