Ақыҭанхамҩа аминистрра америкатәи ахьычԥаԥыр аҿагыларазы ақыҭауаа аанаԥхьоит

Америкатәи ахьычԥаԥыр аиҳарак иҿианы иҟоуп Гәылрыԥшь, Очамчыра, Аҟәа араионқәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра ацхыраара ҟарҵароуп америкатәи ахьычԥаԥыр аларҵәара аанклыразы ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа иҟоу ашоура иаррацәеит ахьычԥаԥыр рыҿиара. Араионқәа рхадарақәа аҵлақәа аус рыдуларазы ақыҭауаа иахәҭоу атехника рзеиқәдыршәоит.

"Аҳәынҭқарра иамам алшара қыҭацыԥхьаӡа аҵлақәа рхәышәтәыртә еиԥш. ақыҭауаа рхаҭақәагьы рҽазыршәароуп абри аус анагӡара. Аҵлақәа рҿы ахьычԥаԥыр аҿиара рбазар, иԥҟаны ирыблыроуп. Ус ҟаумҵар, ахьычԥаԥыр ҿиалоит", - иҳәеит иара.

Америкатәи ахьычԥаԥыр аиҳарак иҿианы иҟоуп Гәылрыԥшь, Очамчыра, Аҟәа араионқәа рҿы.

"Ахәышәтәразы ахәшәқәа аминистрра ирзоунажьуеит. Уи аганахь еиҵахара ҟалом", - иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа: апальмақәа есымза рыхәышәтәра мҩаԥаагалоит>>

Америкатәи ахьычԥаԥыр Аԥсныҟа иқәнагалеит 1985 шықәса рзы.

2018 шықәса рзы иара ахыԥхьаӡара акыр ирацәаны иҟан. Усҟан Шәачантәи аҳәаа иаԥну араионқәа ирылаҵәан иҟан.

Америкатәи ахьычԥаԥыр 300 рҟынӡа ҵиаахкы аԥырхага рнаҭоит.