Арадио

Аблоҭиа афильм "Азакәан ара иаҭыԥым азы": уархәыцуеит

Аԥсны Жәлар рартист, акиностудиа "Аԥсуафильм" асахьаркыратә директор, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аԥсышәала ицәажәаз италиатәи афильм ҳҳәынҭқарра иахьатәи аԥсҭазаашьа ишашьашәалоу.
Sputnik

Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны иахьа асааҭ 19 рзы иӡыргахоит аԥсышәала еиҭагоу италиатәи аполитикатә комедиа "Азакәан ара иаҭыԥым".

Аблоҭиа афильм "Азакәан ара иаҭыԥым азы": уархәыцуеит

"Анцәа иҳәаратәы, сынтәа акиностудиа "Аԥсуафильм" ахатә биуџьет аиуит. Ари афильм аиҭагара алыршахеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ҳаиқәшәар сҭахуп ҳәа аниҳәа ашьҭахь. Исзеиҭеиҳәеит алхрақәа ҟалаанӡа ари афильм ҳауаажәлар ирбар шиҭаху. Афильм хәымз рыла иҟаҳҵеит. Ҩыџьа абжьы режиссиорцәа аус адырулон, 35-ҩык актиорцәа алахәын абжьы ахаҵара", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аблоҭиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.