Аиԥырҵра уадаҩхеит: Аԥсны ахада дырԥылеит Иорданиатәи, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа

Ԥхынгәы 1 аахыс Иорданиеи Ҭырқәтәылеи рҟынтәи ҳџьынџьуаа хәыҷқәа Аԥсны иаҭааны иҟоуп. Иахьа Аминистрцәа Реилазаара аилатәаратә зал аҟны урҭ дырԥылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Ахьышьҭрахь 2019" захьӡу апрограмма Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациеи, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарра аминистрреи еиҿыркааит. Уи иабзоураны гәыԥҩык ҳџьынџьуаа жәамш инарзынаԥшуа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭааразы алшара рыҭан.

Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит

Аиԥылара аартуа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит нхыҵ иҟоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаигәныҩра ихымԥадатәиу усны дшахәаԥшуа. Иара иажәақәа рыла хадаратәла аҿар роуп уи аимадара абжьаҵараҿы ароль хада назыгӡаша.

"Ҳәарас иаҭахузеи, ари раԥхьатәи шьаҿаӡам. Ҳарҭ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит иахьа адунеи иаларсоу ҳауаажәлар зегьы зныкҟьарала рырҳынҳәра шҳалымшо. Уи шьаҿа-шьаҿа ҳзызнеиуа усуп аҟнытә, иазгәаҭатәуп наҟ-ааҟгьы аусура ӷәӷәа шымҩаԥысуа. Адунеи аҟны егьырҭ амилаҭқәа ҳазларыламҩашьо ҳбызшәа зегь раԥхьаӡа инаргыланы, ҳмилаҭтә культура уҳәа, хырхарҭа рацәала аус еицаҳаулар, хымԥада алҵшәа бзиақәагьы ҟалоит", - иазгәеиҭеит атәыла ахада ицәажәараҿы.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистр Беслан Дбар атәыла ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект иаиҭаз ацхырааразы. Насгьы иара еизаз ирылеиҳәеит сааҭқәак раԥхьа дахьынтәихынҳәыз Ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаа асалам "цаҳәцаҳә" шаарыцҳауа.

Аиԥырҵра уадаҩхеит: Аԥсны ахада дырԥылеит Иорданиатәи, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа

"Нхыҵ иҟоу ҳашьцәа ахәшьара ҳаракы арҭоит имҩаԥааго аусура. Избан акәзар даргьы ҳара ҳаиԥш ирҭахуп, еснагь иагьазыԥшуп ҳара ҳацәажәара. Агәра ганы сыҟоуп арҭ ахәыҷқәа зегьы рзы ари апроект раԥхьатәи мҩахәасҭаны ишыҟало рхьышьҭрахь ахынҳәразы", - иазгәеиҭеит аминистр.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Иорданиатәи аделегациа анапхгаҩы Моҳамед Чичба ицәажәараҿы Аԥсны ахадеи, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аминистрреи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара иажәақәа рыла акыршықәса уажәаԥхьа изцәыӡыз рыԥсадгьыл дырҩеигь аҭаара ахьрылшаз насыԥ дуӡӡаны ирыԥхьаӡоит.

"Ҳарҭ ҳахьыҟазаалакгьы иаҳгәалаҳаршәоит Ихьыԥшым Аԥсынра", - еизаз ирылеиҳәеит Чичба.

Анаҩс ажәа рыҭан апроект иалахәхаз ахәыҷқәагьы. Дара инеимда-ааимдо рцәажәарақәа рҿы иазгәарҭеит Аԥсны аԥшӡара ишыхнахыз, агәалашәара бзиақәа шырзыннажьуа, насгьы ишдырҳаз ирацәаҩны аҩызцәа ҿыцқәа.

Аиԥырҵра уадаҩхеит: Аԥсны ахада дырԥылеит Иорданиатәи, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа

"Раԥхьаӡа инаргыланы, ари аҩыза аҳамҭа ҳзыҟазҵаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳара уаанӡагьы иҳаҳахьан шәысасдкылашьа аӡбахә, аха абасҵәҟьа гәаартылатәи адкылара ҳазыԥшӡамызт. Ари ахаан иаҳхамышҭуа цәаныррақәоуп", - иазгәалҭоит Иорданиатәи аделегациа ахаҭарнак.

Аҵыхәтәан ҳџьынџьуаа рделегациақәа хаз-хазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ианаршьеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа. Иара убас еицҭыхын афото. Ахәыҷқәа кыр аамҭа атәыла ахада дрышьҭуамызт, азҵаарақәа ирҭон, иацәажәон.

"Имарианы ҳаибаԥшааит, аха ҳаиԥырҵра уадаҩхеит" - даалафит атәыла ахадагьы.