Балу азы: Дәрыԥшьтәи амшәҳәыс аҩын ҿыц азырыԥшааит

Балу Аԥснынтәи Москва азааигәарахь ииаган ԥхынгәы 6 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Дәрыԥшьтәи амшәҳәыс Балу абнатә ԥстәқәа реиқәырхаразы афонд "БИМ" уажәшьҭарнахыс ахылаԥшра анаҭоит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит агәыҳалалратә фонд "Багира" адиректор Саида Оҭырԥҳа.

Балу азы: Дәрыԥшьтәи амшәҳәыс аҩын ҿыц азырыԥшааит

"Амашьына ҷыда аҿаҳҵеит. Иара амҩа иқәнаҵы гәамҵра иақәымшәартә еиԥш еиҿаҳкааит", - еиҭалҳәоит лара.

Абнатә ԥстәқәа реиқәырхаразы афонд "БИМ" Дариа Тараскина иазгәалҭеит амшәҳәыс амҩа бзианы ишахнагаз.

"Балу аволиер хәыҷы аҿы инхалоит. Уа иарадагьы егьырҭ амшәҳәысқәагьы ыҟоуп: еицыхәмарлоит, акреицырфалоит. Уи аҿаиаразы ихәарҭоуп. Нас иара ахатә ҭыԥ азалххоит", - лҳәеит лара.

Бзыԥтәи аиҩхааҿ икыдҿаҳәаланы ирымаз амшәҳәыс алахьынҵа раԥхьа азхьаԥшра алҭеит аԥсшьаҩы Надежда Трифонова. Лара Sputnik ахь адырра ҟалҵеит.

Аекологиаз аилак амшәҳәыс зтәыз Саид Џьергьениа ахараԥса идырҵеит, Балу акәзар агәыҳалалратә фонд "Багира" адиректор Саида Оҭырԥҳа илгеит. Аамҭақәак рышьҭахь Москва азааигәара аҩын ҿыц азырыԥшааит.