Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада амҩатә машәыр азы: ауаа рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам

Ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус маҷ амҩатә машәыр ианиеит Пицунда ааигәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус маҷ амҩатә машәыр иақәшәеит, апассаџьырцәа рыԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"16-ҩык ауаа ҳзааргеит. Урҭ рҟынтәи макьаназ ахәышәтәырҭа иҭоуп жәҩык, егьырҭ рхы иақәиҭтәуп", - иҳәеит иара.

Амбулатортә ҽыхәышәтәра иахысуа рҟынтәи ҩыџьа аҭыԥантәиқәоуп, егьырҭ–Москва, Казань, Санкт-Петербург уҳәа урыстәылатәи ақалақьқәа рҟынтәқәа роуп.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков иҳәеит аусбарҭа иҟалаз ахҭыс хылаԥшра шазнауа.

"Амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа иаразнакы адырра ҳауит. Абри азҵаара аганахь ала Гагра иҟоу аконсултә пункт аусура иаҿуп. Апункт аиҳабы амашәыр иақәшәаз ауаа илаԥш рхыуп", - иҳәеит иара.

Ахҭыс азы адыррақәа нашьҭуп Урыстәыла ААР аинформациа-кризистә центр ахь, иҳәеит Лавриков.

Амҩатә машәыр ҟалеит ԥхынгәы 8 рзы. Автобус маҷ Volkswagen 15-ҩык апассаџьырцәа ҭан.