Ахԥҳа: иааиуа амшқәа рзы аԥша ӷәӷәа ҳазыԥшуп
© Sputnik
"Аҳауа акыр аҽаԥсахуеит, ақәа леиуеит. Зны акыр еизаданы, нас ақәыршҩы, адыд-мацәыс ацны. Иааиуа аҳауа хьшәашәа иахҟьаны аԥшагьы акыр аҽырӷәӷәар алшоит, бжьаратәла секундк ала хԥа-ааба метра рҟынӡа, аха ҭыԥқәак рҿы аҽарӷәӷәар алшоит 15 метра рҟынӡа. Ақәа Аԥсны иахьабалак ҳазыԥшуп, иааилымгаӡакәа ҳәа макьана иҳазҳәом, ус Урыстәылаҟа ауп иахьыҟоу", - ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.