Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Ажурналисттә етика ахартиа иалалеит

Адокумент адгылара арҭеит адунеи зегь аҿы миллионбжак инеиҳаны апресса ахаҭарнакцәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иаӡбеит ажурналистцәа жәларбжьаратәи Рфедерациа ажурналисттә етика Ахартиа алаларазы ҳәа адырра ҟарҵеит аиҿкаараҟынтәи.

Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа Ахартиа аднакылеит Тунис 2019 шықәса рашәарамзазы.

"Ахартиа алацәажәареи адкылареи ирылахәын адунеи зегь аҟынтәи ажурналистцәа, 160 журналисттә еидгыла рҟынтәи", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахартиа аҵакы ҵаҵӷәыс иамоуп 1954 шықәсазтәи ажурналистцәа рхымҩаԥгашьа апринципқәа Рдекларациа. Иара аҵыхәтәаны ирҿыцын 1986 шықәса рзы. Адокумент апреамбулеи 16 хәҭаҷи рыла ишьақәыргылоуп. Шьаҭас иамоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рдекларациа.

Ҳашыг: 2019-тәи ашықәс зегьы аԥсуа журналистика иашықәсуп>>

Уи адагьы, Ажурналистцәа реидгыла аилатәара алахәылацәа иҟалараны иҟоу алхрақәа инарыдҳәаланы ажурналистцәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵеит АИХ русзуҩцәа зегьы алхрақәа раан алхратә закәанԥҵареи АИХ рзы азакәани ирықәныҟәаларц.