Џьынџьалԥҳа "Ашана" ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа иазкны: ас еиԥш арбагақәа ҟамлацт
© Sputnik
"57 усумҭа рахьынтә 30 ҳҭиит, уи абжеиҳара ауп, сгәы иаанагоит ари даара ибзиоу рбагоуп ҳәа. Абжьааԥны ас еиԥш ацәыргақәҵа анымҩаԥаҳгоз еиҳа имаҷны иаҳҭиуан. Ацәыргақәҵа еизнагеит 70 нызқь мааҭ аԥара. Егьырҭ иаанхаз аҭыхымҭақәа ҳара ҳофис аҿы иҟоуп, иаазхәарц зҭаху дҟалар, днеины иалихыр илшоит. Иара убас аусумҭақәа ӡыргахоит ҳсоциалтә даҟьақәа рҿы, изҭаху уаҟагьы ибар илшоит. Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы иахьазы иааидкыланы еизгоуп 200 нызқь мааҭ, аха уи маҷуп, афонд аҿы ҳазхәыцлоит еиҭа имҩаԥаҳгарц зылшо аусмҩаԥгатәқәа ртәы, аԥара нагӡаны еизгахарцаз", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.