Александров ихьӡ зху ансамбль Аԥсны иҟоу аурыс арратә базаҿ иқәгылеит

Александров ихьӡ зху ансамбль Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿ иқәгылеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Александров ихьӡ зху Арратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿ иқәгылеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

Ансамбль инанагӡеит акомпозициақәа: "Очи черные", "Калинка", "Катюша", "Пора в путь-дорогу", "Камаринская", "Смуглянка", "Вечер на рейде". Аконцерт ахь иааит аррамаҵзурауаа реиԥш, дара рҭаацәарақәагьы.

Александров ихьӡ зху арратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль – Урыстәыла ар, Урыстәыла акультура ирыхьӡырҳәагоуп. 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан аколлектив имҩаԥнагеит зқьи хәышә рҟынӡа концерт. 2018 шықәса рзы ансамбль 90 шықәса ахыҵит.

А.В. Александров ихьӡ зху академиатә ансамбль арепертуар иалоуп 2000 рҟынӡа музыкатә рҿиамҭа.