Ченгьелиа: иаԥсыуам ахәыҷқәа рзы арҵаратә методика даҽакала иазнеитәуп
© Sputnik
"Аԥышәарақәа иаҳдырбеит милаҭла иаԥсыуам ахәыҷы изы ишыуадаҩу ҳара ҳазнеишьа амаҭәар изнагараҟны. Уи ахәыҷы ихараӡам, ҳметодика аԥсахра аҭахуп. Иҳамоу арҵага шәҟәы аиқәыршәашьагьы мариам. Уа иану атекстқәа милаҭла иаԥсыуам ахәыҷы изы ихьанҭоуп. Аамҭа иаҳнарбоит арҵаратә методика даҽакала ишазнеитәу ахәыҷқәа рдырра аизырҳаразы. Ирхиатәуп аԥсуа бызшәа аԥышәарақәа реиҿкаара иазку иаԥсыуам ашколқәа рзы аинструкциа, еиҭарыхәаԥштәуп абилеҭқәа", -ҳәа азгәалҭеит Ченгьелиаԥҳа.
Инарҭбаау анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.