Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь аԥсшьаҩцәа рзы шаҟа ҭыԥ мазеиу

Гәылрыԥшь араион аҟны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Габлиа.
Sputnik
Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь аԥсшьаҩцәа рзы шаҟа ҭыԥ мазеиу

"Иахьатәи аамҭазы Гәылрыԥшь араион аҟны асасааирҭақәа хәба ыҟоуп. Урҭ рҟны шә-номерк рҟынӡа инаӡоит, ус анакәха, ашьҭаларҭақәа ҩышә ҟалоит. Ахатәы сектор аҿы шәки бжаки ауадақәа арбоуп, ашьҭаларҭақәа хышә рҟынӡа уԥхьаӡар алшоит. Аха уи иаанагом урҭ аҭыԥқәа зегьы харҭәаауп ҳәа. Иахьазы хәҭа-хәҭала ҳахәаԥшуазар, хы-ҳәҭак рҟынтәи акоуп ихарҭәаау. Ҳгәыӷуеит аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳап ҳәа", - иҳәеит Габлиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.