Арадио

Саманба: ауаа ирҭиуа аалыҵ иаҳа хылаԥшра арҭо иалагеит

Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ауаа ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиара атәы.
Sputnik

Саманба: ауаа ирҭиуа аалыҵ иаҳа хылаԥшра арҭо иалагеит
"Зхаҭабзиара ҽеим аҩқәа иаҳа имаҷхо иалагеит, уажәы аҩы иаҳа ибзиоуп, аԥаҭлыка бзиақәа ирҭоуп. Уи аус аганахьала ҳус алҵшәа аиуит ҳәа сгәы иаанагоит. Ауаа ирҭиуа аалыҵ иаҳа ииашаны иазныҟәо иалагеит, аконкуренциагьы иара атәы ҟанаҵеит. Аҩқәа ҟазҵо зегьы рреестр шьақәыргыланы игәаҳҭар ҳҭахуп. Уи аусгьы акыр ицхыраагӡахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ацха акәзар, ибзианы иныҟәызго ыҟоуп, аха инагәҭасны иҟазҵогьы убап, уажә еилҳаргап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Иаарласны Риҵа агәаҭарақәа мҩаԥаҳгоит", - ҳәа азгәеиҭеит Саманба.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.