Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿы Нигериа атәылауаа аанкылоуп

Аҭагылазаашьа аилыргаразы аҳәаанырцәуаа 48 сааҭ иаанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿы ҩыџьа Нигериа атәылауаа аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"Рвизақәа рыԥаршеира иахырҟьаны Африкатәи аконтинент ауааԥсыра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Дара Аԥсныҟа раара рыгәҭакын", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы адокумент иашақәа рыҟамзаара инадҳәаланы дара аҳәаа иахырмыжьит.

Азинеилагаҩцәа рганахь ала аматериалқәа шьақәыргылан Урыстәылатәи Афедерациа ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 18.1 ахәҭа 2 инақәыршәаны.