Москалькова Вышински иус зыӡбо ақәыӷәӷәара ду рырҭар ҟалоит ҳәа иазылыԥхьаӡоит

Апортал "РИА Новости Украина" аиҳабы Кирилл Вышински иус аӡбразы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысуеит ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15– Sputnik. Апортал "РИА Новости Украина" аиҳабы Кирилл Вышински иус зыӡбуа аӡбаҩцәа ақәыӷәӷәара рзырур ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Татиана Москалькова. Изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысуеит ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы.

Вышински: сжурналистын, сышжурналисту саанхоит

РИА Новости адыррақәа рыла аомбудсмен ааԥхьара луит "аграждантә уаажәларра рконструктивтә мчқәа" зегьы уи аҿагылара арҭарц.

Уаанӡа адукат Андреи Домански Украина ахада Владимир Зеленскии аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Арсен Аваковы рахь аҳәара иухьан аилатәараан азакәанеиҿкаара алдыршарц.

Вышински Киев даанкылан лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Хараны идҵан аҳәынҭқарра аԥсахреи Донбасс ареспубликақәа рыдгылареи. Ажурналист 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ихгара иқәырҵар алшоит.