Вышински: сжурналистын, сышжурналисту саанхоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински рашәара 18 рзы аӡбарҭа ахарадҵа дақәшаҳаҭымхеит.

АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иҳәеит Украинатәи Рада ахь алхрақәа ихы рылаирхәырц ажәадгала ширҭаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Изыҟашәҵаз агәрахаҵаразы иҭабуп сҳәоит, аха сара сазыхиам 25 шықәса сызҿу аус ныжьны аполитикахь аиасра", - ҳәа Вышински иажәақәа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы икьыԥхьуеит адукат Андреи Домански.

Вышински иҳәеит дышжурналисту даанхарц шиҭаху, иазгәеиҭоит идырҵо ахарагь шҵаҵӷәыдоу аарԥшра илшап ҳәа дышгәыӷуа.

Адукат Домански ишьақәирӷәӷәеит Вышински ажәадгала шизынарышьҭыз еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Вышински иганахьала Украина ахымҩаԥгашьа атәылаз ицәаԥҽыганы иԥхьаӡоит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0