Ростовтәи аобласт аҿы иааныркылеит ИГИЛ алахәылацәа

Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ростовтәи аобласт аҿы иаԥдырҟәҟәааит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" алахәылацәа русура.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15– Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Ростовтәи аобласт аҿы иаԥдырҟәҟәааит хҩык атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" алахәылацәа русура ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Атеракт аззырхиоз ИГИЛ алахәылацәа ргәыԥ ндырҵәеит Ставрополь

Иазгәаҭоуп атеррористцәа атерактқәеи, аполициаа рықәлареи шрыгәҭакыз. Азинмчратә органқәа Ростовтәи аобласт ахутор Глинк аҿы атеррористцәа рхада имашьына анааныркылоз аехсра иалагеит. Аҭактәи ахысраан амашьына иҭаз абомба ԥжәеит. Атеррористцәа руаӡәк дҭахеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Ростов-на-Дону аҽа ҩыџьа атеррористцәа анкылан. Еиуеиԥшым ахәҭаҷқәа ирықәшәо ашьаус хацыркуп.

Азинмчратә органқәа русзуҩцәа атеррористцәа рышьҭра ихылеит 2018 шықәса мшаԥымзазы Ростов аҽа террористтә гәыԥк анындырҵәаз ашьҭахь.