Ақәаршыҩ иахҟьаны: аурыс-аԥсуа ҳәаахь уаазго амҩа ӡыла иҭәуп

Магри - Веселое иахьрыҵанакуа аҭыԥ аҿы амшын агәаҿы аԥшатлакә ҟалар алшоит. Акурорт аԥшәмацәеи асасцәеи ргәырҽанырҵоит аӡы ааигәара рыԥсы рымшьаларц.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16– Sputnik. Шәача ақалақь аҿы аҭыԥ змаз ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Кудепстыи Адлери араионқәа рҿы аӡқәа хыҵит ҳәа аанацҳауеит Sochi24.tv.

Аԥсны иахьаԥну аҳәааҿы, ақыҭа Веселое амҩадуқәа аӡы рнуп. Шәача адәыӷбақәа ааныркылеит.

Аҩада-Кавказтәи аихамҩа адыррақәа рыла иаанкылоуп адәыӷбақәа: №6013 Горячий Ключ - Имереҭтәи акурорт, №6805 Тҟәаԥс – Имереҭтәи акурорт, №6806 Имереҭтәи – Тҟәаԥс, №492 Адлер – Казань, №6004 Шәача аҳаиртә баӷәаза – Тҟәаԥс.

"Апассаџьыртә дәыӷба №116 Адлер – Санкт-Петербург аԥенџьырқәа ԥҽын. Аахақәа иоуит апассаџьырцәа руаӡәык. ИАЕ "РЖД" иаанкыло адәыӷбақәа аграфик рҭартәаразы иалшо зегь ҟанаҵоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәахьаухеи аҩаша ашамҭеи Шәача иахьаҵанакуаз амшцәгьа ӷәӷәа ыҟан.

Уаанӡа Шәачеи Краснодартәи атәылаҿацәи руааԥсыра агәҽанҵара рырҭахьан амш аҽшеиҭанакуаз азы. Арегион аҟны аиқәырхаҩцәеи аоперативтә маҵзурақәеи аҭагылазаашьа иақәшәо рҽырхианы иҟоуп.