Ажурналист: згəы цҳафыруаз аԥсуаа ыҟамызҭгьы, усҟан ақырҭқəа ҳархəаҽыр алшон

1989 шықəса, ииультәи 15-16 рзы Аҧсны имҩаҧысуаз ахҭысқəа ртəы игəалаиршəоит усҟантəи аамҭазы журналистк иаҳасабала урҭ амшқəа ирҿахəҳəагаз Даур Инаҧшьба.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

1989 шықəса, ииультәи 15-16 рзы имҩаҧысуаз ахҭысқəа Аҧсны аҭоурых адаҟьақəа иузырнымхуа ианхалеит. Урҭ ахҭысқəа ргəаларшəара ҳарҭ иаҳуалҧшьаны иҳаҧхьаӡоит. Усҟантəи аамҭазы ақырҭқəа рхымҩаҧгара иаҵаз аҵыҵҕəы еилкаахеит шықəсқəак рнаҩс, ҩаҧхьа бџьаршьҭыхла ҳаҕацəа ҳаҧсадгьыл ианақəла. Абарҭқəа ртəы игəалаиршəоит журналистк иаҳасаб ала урҭ ахҭысқəа ирылахəыз, ҳажəлар аинформациа рызназгоз Даур Инаҧшьба.

Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәса ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла

"Ҧхынгəымзазы имҩаҧгаз ахҭысқəа машəырны иҟалаз ракəӡам. 80-тəи ашықəсқəа иҳаҩсыз ашəышықəсазы ақырҭқəа еилыхха ирбон СССР ахыбгалара амҩа ишанылаз. Уаанӡагьы усгьы аҧсуаа иҳацрыхон, ргəы иҭаркит наунагӡа уаҳа аҧсуаа рхы изымҩахо, Аҧсны Қырҭтəыла иалаҳҵап ҳəа. Зегь раҧхьа иргыланы анаплакқəа, аусҳəарҭақəа, аҵараиурҭақəа реиҟəшара иалагеит милаҭтə ҟазшьала. Аҧсуа университет аҟны аҵара зҵоз астудентцəеи, аус зуаз ақырҭқəеи аҧсуа университет ааныжьны Қарҭтəи ауниверситет аҟəша Аҟəа еиҿыркааит", - ҳəа ахҭысқəа игəалаиршəоит ажурналист Даур Инаҧшьба.

Ҧхынгəымзазы, 1989 шықəса рзы ауниверситет иҭалоз ақырҭқəа рарзаҳалқəа рыдыркыло иалагеит Аҟəатəи актəи ақырҭуа бжьаратə школ аҟны. Аҧсуаа изныкымкəа уи азы дара ирацəажəеит ус еиҧш ҟарымҵарц, иакəым ахылҿиаарц шалшоз. Аха, ақырҭқəа уи иазыӡырҩуамызт.

"Иахьеиҧш исгəалашəоит ҧхынгəымза 15 ашьыбжьышьҭахь, раҧхьатəи аидысларақəа ҟалеит Аҟəатəи актəи ақырҭуа бжьаратə школ аҧхьа, ақырҭқəа рхарала. Нас аидысларақəа аҭыҧ рыман ақалақь еиуеиҧшым аҭыҧқəа рҟны, амшын аҿықə аҟны. Убас аидысларақəа шцоз амш ахəларахь ахы археит. Усҟан ақырҭқəа абџьар рыман, аҧсуаа абџьар ркӡамызт. Ианааилашəшəуаз аамҭазы аҧсуаа еизаны иахьгылаз ақырҭқəа автомашьынақəа рыла, арҭҟəацгақəа шьҭыхны аҧсуаа ҧаҳжəоит ҳəа ишаауаз Тҟəарчалаа рыҷкəынцəа рҧыланы рхықəкы рзынамыгӡо иааныркылеит. Ауха ус ишеит", - ҳəа азгəеиҭоит Даур Инаҧшьба.

Џьапуаԥҳа: сара зегьы раҵкыс игәыхьны, ихьааны исзынхеит ииультәи ажәыларақәа

Атрагедиатə хҭысқəа рыла иҭəыз ҧхынгəымзатəи амшқəа рыҧсҭазаара иалнахит ҳауаажəлар рхаҭарнакцəа, ахəрақəа заузгьы рхыҧхьаӡара маҷмызт.

"Аҟəа ацҳа ҟаҧшь аҟны Очамчырантəи иаауаз, Гəылрыҧшьынтəи аҧсуаа ҳрыцхраап ҳəа иаауаз ахацəа рахьтə иҟоуп иҭахақəаз. Ауха Кəтолаа рыҷкəынцəа ацҳа ҟаҧшь аҟны иҭахоит. Иара убас, аҧсуаа ҭахеит Аҧсны еиуеиҧшым егьырҭ аҭыҧқəа рҿы ақырҭқəа рхарала, имаҷҩмызт ихəны ахəышəтəырҭақəа рахь инаргазгьы аҧсуаа. Адырҩаҽынгьы аҭагылазаашьа шыуадаҩыз иаанхон. Убри азы, СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Владислав Арӡынбеи иҩызцəеи Москваҟа ашəҟəы рҩит ацхыраара ҳашəҭ ҳəа. Избанзар, урҭ амшқəа ирылагӡаны аҧсуаа ндырҵəар алшон ақырҭқəа", - иҳəеит ажурналист.

Аҧсуаа иҟарҵаз аҳəара иахаҵгылеит Москва, ҳаирапланла Аҟəаҟа иааит СССР аҩныҵҟатəи ар рполк адҵа ҷыдақəа назыгӡоз агəыҧ. Дара ирылшеит бџьарла еиқəных иҟаз ақырҭқəеи, иабџьардаз аҧсуааи реидыгара. Анаҩс, арҭ аусқəа рзы ашьауҕатə ус хацдыркит.

"Аус аҭҵаара амҩаҧгара рнапы ианырҵеит Қырҭтəыла апрокəратура хада аусзуцəа. Дара рацəаҩӡаны Аҟəаҟа иааит, аҧсуаа харада ахара рыдырҵон. СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцəас усҟан араҟа иҟаз изныкымкəа ашəҟəы рҩит Москваҟа, СССР апрокəротура хада ашҟа, аха абарҭ инарыгӡоз аус ирзаҟəымхит. Убарҭ ахҭысқəа ирыхҟьаны иҟан идырбаандаҩыз, зус рыӡбаз аҧсуаа. Анаҩс, аҧсуаа изларылшоз ала адукатцəа ҧшааны, урҭ рҭыгара аус еиҿыркаауан", - абас ҧхынгəымзатəи ахҭысқəа игəалаиршəоит Даур Инаҧшьба.

Арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан: аибашьҩы Ҭемыр Џьалаӷониа иҭоурых

1989 шықəса, ҧхынгəымəазы Аҧсны араионқəеи, Аҟəа ақалақьи аҭыҧ змаз ахҭысқəа еилыхха иаадырҧшит ақырҭқəа аҧхьаҟагьы аибашьра амҩа ишанылоз, Аҧсны рымпыҵахаланы аҧсуаа тəцəас рыҟаҵаразы.

"Ҩымш хымш ирылагӡаны еидыган еиҿагылаз амчқəа. Еиҿагылаз ҳəа, аҧсуаа усгьы акагь рымаӡамызт, аҽага зкыз дубарын, абаҳа зкыз дубарын, мамзаргьы ашəарыцагатə шəақь. Урҭ амшқəа раан аҵак ҷыда амоуп ҳəа исыҧхьаӡоит Аалӡга ахықəан машьынала еиқəных иаауаз ақырҭқəа раанкылара шалыршаз, Аалӡга аӡиас ацҳа ахьху Очамчыра ақалақь аҟны. Усҟан Очамчыра араионтə комитет актəи маӡаныҟəгаҩыс дыҟан Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь. Иара илшоит урҭ рҿагылара аиҿкаара, ҧхьаҟагьы раамышьҭра", - ҳəа азгəеиҭоит ажурналист.

Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан

Усҟантəи аамҭазы арҭ ахҭысқəа ӡырызгоз, Москвантəи иаарышьҭыз аҩныҵҟатəи ар рполк ирыцыз Даур Инаҧшьба излаиҳəо ала, ажəлар иреилдыркаауан дара имҩаҧыргоз аус аҵакы, убри аамҭазы Ҷлоу ақыҭан машəырла Аҩныҵҟатəи ар рполк афицарцəа ҩыџьа ҭахеит.

"Зыӡбахə ҳəатəу рацəаҩуп, аӡə дысцəыбжьахар иашам. Зегьы рџьабаа рацəан, згəы былуаз, ипатриотцəаз, урҭ ахҭысқəа рышьҭахь аҧсуаа рмаҵзурақəа ирымырхит. Усҟан ахаҵара ду аадырҧшит Очамчыра амилициа рҟны аус зуаз амилициа аусзуҩы Шларба Даур, Гəырџьуа Валери, урҭ амшқəа рзы ҕəҕəала дхəын амилициа рҿы аус зуаз Агəниа ҷкəын, иахьагьы иҧсы ҭоуп. Абас, хаҭа-хаҭала згəы еибафоз, згəы цҳафыруаз аҧсуаа ыҟамызҭгьы, усҟан ақырҭқəа аҧсуаа рхəаҽыр алшон", - ҳəа азгəеиҭоит ажурналист Даур Инаҧшьба.

Абасала, 1989 шықəса, ҧхынгəымзатəи ахҭысқəа ҳажəлар ргəаҿы ихамшҭыхəу мшқəаны иаанхоит.