Арадио

Еныкь еиҭалҳәеит ахәыҷтәы лагерь аҿы ашәарҭадара шеиҿкаау

Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь аиҿкааҩ Гәында Еныкь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит алагерь аиҿкаара даназхәыцуаз, ахәыҷқәа ршәарҭадара азҵаара игәцаракны ишлымаз.
Sputnik
Еныкь еиҭалҳәеит ахәыҷтәы лагерь аҿы ашәарҭадара шеиҿкаау

"Ахәыҷқәа агәар инҭҟьаны: амашьына ласқәа ахьанысуа амҩа, узыцәшәаша аӡиасқәеи, аӡҭачқәеи, аҵеџьқәеи ааигәа-сигәа иҟам. Ахәыҷқәа еснагь сылаԥш рхызаауеит. Ахәыҷқәа ахьыцәо ауадаҿы афымцатә цәаҳәақәа ҿыцны иҟаҵоуп, абылра ҟамларцаз иахәҭоу амаругақәа рыла зегьы еиқәыршәоуп. Афымцазы еиԥҟьарак ҟаларгьы уи ҳазыхиоуп. Ажәакала, ахәыҷқәа ршәарҭадара азҵаара ихадоу акакәны сахәаԥшуеит. Раԥхьа иргыланы ахәыҷқәа ргәабзиара ауп сзышьҭоу", - ҳәа азгәалҭеит Еныкь. 

Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.