Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз

© SputnikДетский лагерь в Джирхве
Детский лагерь в Джирхве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны" аусура атәы дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Есымшааира ашьха ҳкыдын

Аҭоурых ду змоу аԥсуа қыҭа Лыхны ҳналсын, ԥшӡарала уи иаҵамхо Дәрыԥшь ақыҭа иагәылгоу амҩа ҳақәланы ҳнеиуан, ҳҭыхратә гәыԥ ҳаицны. Аҟәантәи ҳдәықәлеижьҭеи икыдҵәаны алеира иалагаз ақәа, азныказы, ҳусқәа еиԥнарҟьар ҳәа ҳшәеит. Аха ацара ҳахьаҿыз ақыҭа Џьырхәа ҳазааигәахацыԥҳьаӡа амшгьы еиҳа-еиҳа ибзиахон. Убри аҟнытә еиҳа-еиҳа ибзиахон ҳгәалаҟарагьы.

Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарцхьиаԥҳа "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" азы: ахәыҷқәа аԥсуара агьама ддыркуеит

Аԥшәмацәа ҳԥылараны иахьыҟаз "ацҳа ҟаԥшь" ҳанықәс, ҳааҭгыланы жәабаҟа минуҭ ҳшыԥшыз, дааит арԥыс Саидгьы. Ҳаргьы аамҭа мгакәа уи имашьына ҳнашьҭагылан, ахьӡымҳәа еиԥш илакьы-лакьуаз ахаҳә мҩа ҳаныланы ҳҿааҳхеит. Уи амҩа хыхь ҳашьҭыхны иаҳзаанартуаз аԥсабара ԥшӡа асахьақәа рацәа иблахкыган. Уамашәа ицқьан аҳауагьы.

Дук мырҵыкәа ҳанҭалеит Габниаа ргәараҭа ду. Аԥшәмаԥҳәыс Гәында Михаил-иԥҳа Еныкь-Габниа аҩнаҿыҵәҟьа еиҿкааны илымоуп ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны" ҳәа хьӡыс иаҭаны. Лара абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луеит 22 шықәса инарзынаԥшуа. Убри аҟнытә ахәыҷқәа аус рыдулара, напы рыдкылара лара лыԥсҭазаара иахәҭакхахьеит.

© SputnikГәында Михаил-иԥҳа Еныкь-Габниа аҩнаҿыҵәҟьа еиҿкааны илымоуп ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны" ҳәа хьӡыс иаҭаны.
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Гәында Михаил-иԥҳа Еныкь-Габниа аҩнаҿыҵәҟьа еиҿкааны илымоуп ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны" ҳәа хьӡыс иаҭаны.

Ҳара ҳаннеиз ахәыҷқәа шьыжьхьафара рҽазыҟарҵон. Акрынырфа ашьҭахь, алагерь аусмҩаԥгатәқәа реишьҭагылашьа инақәыршәаны дара ацәаҳәа иаша иаақәгылан, рҽазыркит аҭаалым аҟаҵара. Гәында Михаил-иԥҳа дахлафны ишылҳәаз еиԥш, "абҩарҵәыра арҵаҩыс" алагерь дамоуп жәашықәса инарзынаԥшуа зхы иақәиҭу аиқәԥара зҽазыҟазҵо лԥа Саид Габниа. Иара сынтәоуп ашкол даналгаз. Дзиндырҩхарц игәы иҭоуп.

© SputnikЏьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".

Абҩарҵәыра иазыԥҵәаз аамҭа анынҵәа, аӷәра ианкны ашҭа иааҭаргалеит аҭыԥантәи аҽыбӷаҟазацәа иддыррааз аҽыҩ ԥшӡа кәаша-кәашо. Ахәыҷқәа иаразнак рылақәа аацырцырит уи иақәтәаны инеиааирц шрылшо анрарҳәа. Саид ахәыҷқәа аӡәаӡәала аҽыбӷа иақәыртәаны, аҽы аԥхьа дгыланы, ҩынтә-ҩынтә ашҭа ахышәара-аҵышәара еимидон. Ажәытә аԥсуа спорт хкы "абадырра" ашьҭахь ахәыҷқәа ирызҿырҭит асахьаҭыхра.

© SputnikЏьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".

Мчыла акәымкәа, хаала

Гәында Михаил-иԥҳа лажәақәа рыла, лара ахәыҷқәа аҵара аныдлырҵо мчыла рыдцалара рацәак дазгагаӡам, еснагь илҭахуп ахәыҷы аинтерес изыркыша иҷыдоу знеишьак аԥшаара. Бзиа илбоит лассы-лассы ахәыҷқәа еиуеиԥшым аныҟәарақәа рзеиҿкаара. Ааӡаҩ излалҳәаз ала ас еиԥш еилибакаарала ишьақәгылоу арҵаҩи аҵаҩи реизыҟазаашьақәа аусура алҵшәақәа еиҳа еиӷьны ирныԥшуеит, баша амахцә анкра аасҭа. Ахәыҷтәы лагерь аҩны аиҿкаара аидеиагьы, иҷыдоу азнеишьа аԥшаара акәхап изхылҿиааз ҳәа агәаанагара ҳауит ҳаргьы.

Алагерь аартын ԥхынгәымза алагамҭазы. Уажәазы агәыԥ иалоуп хәҩык ахәыҷқәа, аха иҟоуп еиҭа ҩыџьа рҭыԥ. Алагерь апрограмма злашьақәгылоу ала, аԥсшьара актәи амш аибадырра иазкуп. Аҩбатәи амш инаркны ахәыҷқәа ирыдыргало аусмҩаԥгатәқәа хкы-хкыла еиуеиԥшым. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Ӡиуауа" иаҩызоу ажәытә аԥсуа хәмаррақәагьы. Ахԥатәи амш аныҟәара иазкуп. Ахәыҷқәа рааӡаҩ дрыцны, ааигәа-сигәа иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәа ирызцоит, хәылбыҽханӡа урҭ зегьы еимырдоит. Ианааилахәло - аҩны азааигәара ар рымца еиқәҵаны ишәаҳәоит, икәашоит.

"Амчыбжь амшқәа руакы асасдкылара аҵасқәа ирзыскып ҳәа сгәы иҭоуп. Ахәыҷқәа ашьыжь заашәа иргыланы, аԥсуа ауаҩы иааира даназыԥшыз ишҽазыҟаиҵоз дсырбар, даргьы уи аҽазыҟаҵара иаласырхәыр – дара рзын ихәарҭа духоит, ақьабзқәа маҷк еиҳа ирзааигәанатәуеит. Уи аҩнеилыргара, ашҭа-агәара ррыцқьара, асас ихәыҟаҵара уҳәа, маҷхума акәама-ҵамарақәа, ахәыҷы иеилуркааша", - еиҭалҳәоит Гәында Еныкьԥҳа.

© SputnikЏьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".

Ааӡаҩ лажәақәа рыла уажәазы илымоу агәыԥ рхыԥхьаӡараҿы иҟаӡам аԥсшәа ззымдыруа ахәыҷқәа. Аԥсшәа ззымҳәо лзааргаргьы лара кырӡа ибзиахон ҳәа лгәы иаанагоит. Избан акәзара лҭаацәараҿы акәыз, дара-дара ахәыҷқәагьы анеицәажәо акәыз, аԥсшәа мацара ауп ахархәара змоу. Убри аҟнытә Гәында Михаил-иԥҳа, абызшәа ззеилымкаауагьы, ари алагерь аҟны мышқәак рышьҭахь аԥсышәала маҷсаҷқәак иҳәо далагоит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.

© SputnikЏьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагерь, "Сыԥсшьарамшқәа санду лҟны".

Иҟоу шыҟоу

Ари алагерь хықәкы хадас иамоуп мышқәак ирыдамзаргьы ахәыҷқәа асоциалтә ҳақәа рацәыхьчара, ақыҭа ԥсҭазаашьа дырдырра, аԥсуара иаҵоу аҵасқәеи ақьабзқәеи дырҵара. Ачыс акәзаргьы: ахшлых, акәац, ауҭраҭых, аӡыхаақәа уҳәа, зегьы аҩны ирымоу ауп, екологиала ицқьоу фатәуп. Ааӡаҩ лажәақәа рыла ахәыҷқәа акрырҿаҵара мҩаԥысуеит досу ргәаҳәарақәа ҭҵааны, зегьы еицалырхуа ачыс хкқәаа рхархәарала. Иара убас аԥшәмацәа ирымоуп аҩны ирыԥшыз ацха. Егьырҭ ахаа-мыхаақәагьы ахәыҷқәа ирыгӡам.

Гәында Михаил-иԥҳа лыҷкәын Саид идагьы ахәыҷқәа рхылаԥшраҿы, рхәыҟаҵараҿы уҳәа илыцхраауеит ҩыџьа лыԥҳацәа. Иара убас аныҟәарақәа рахь ианцо, иныҟәызго лыԥшәма иоуп. Саидгьы амашьына ақәтәара идыруеит, аха макьана дқәыԥшцәоуп ҳәа азыԥхьаӡаны ахәыҷқәа ицылҵаӡом. Иаргьы уи еиликаауеит, дақәшаҳаҭуп.

Лагерь СДЮ в Ауадхаре  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ашколхәыҷқәа рзы алагерь еиҿнакаауеит

Иара убас ари ахәыҷтәы лагерь иақәнагоу ақьаадқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп, ашәҟәы иҭагалоуп азакәан ишашьашәало. Ауаҩԥсгьы акы ааилакьакьар ҟалоит. Ахәыҷқәа ацхыраара лассы рҭаххозар, иҟоуп хкы рацәала еиуеиԥшым ахәшәқәа зҭоу акәалаԥгьы. Уи аԥшәмацәа заанаҵы ирхианы ирҵәаххьан.

1500 мааҭ иаԥсоуп ари алагерь аҟны уахыки-ҽнаки аԥсшьара. Гәында Михаил-иԥҳа даараӡа лгәы лнархьуеит хәыда-ԥсада ахәыҷқәа рыԥсы ршьартә аҭагылазаашьа ахьрымам, аха ҳаԥхьаҟа аҳәынҭқарра уи аҟны ацхыраара ҟанаҵап ҳәа дгәыӷуеит.

"Сара ара сыҟоижьҭеи мышқәак роуп иҵуа, аха лассы сҩызцәеи сареи ҳаишьцылеит. Ҳара ара ҳахәмаруеит, ампыл ҳасуеит, аҽы ҳақәтәоит. Даараӡа исгәаԥхоит", - иҳәеит быжьшықәса зхыҵуа Асҭан Гыцба.

Аҟәаҟа амҩа ҳақәлаанӡаа, ашҭа ҭбааҿы ҳаргьы ахәыҷкәа ҳрыцыхәмарит, ампыл ҳрыцасит. Ҳцамҭазы, алагерь ааӡамҭацәа ԥсуала иаҳзыкәашо ауп ҳшынаскьаргаз.

"Аӡәы ихәыҷра еиҳа дацәыхароуп, даҽаӡәы еиҳа дазааигәоуп", аха сгәанала, ари амш аҩныҵҟа ҳаззегьы аамҭала уахь ахынҳәра ҳалшеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0