Иран ААР: "Вашингтон амца иалахәмаруеит"

Иран уаанӡа уран арбеиара 4,5% рҟынӡа иханагалахьан, уи аиадертә еилаӡараҿ иарбоу акыр еиҳауп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьавад Зариф аҳәамҭа ҟаиҵеит Тегеран ари аус сааҭқәак рыҩныҵҟала аанкылара алшоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал NBC адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАШ Иран иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаны анефҭ ахәԥса каҳауам

"Иран амца иалахәмаруама?" ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс "Вашингтон ауп амца иалахәмаруа", иҳәеит Зариф.

"Ҳара аилаӡара ҳаман. Уа иарбан аганқәа руак аилаӡара еиланаго иалагар егьи аган иаиуеит азин аилаӡара мап ацәкра. Ҳара аиадертә бџьар аиура ҳагәҭакым. Уи ҳҭахызар – иҟаҳҵон. Аха изакәаншьаҭадоу адҵақәа ҵыхәаԥҵәара рымамкәа рыҟазаара ҳақәшаҳаҭым", - иҳәеит Зариф.

2015 шықәса рзы Иран, Урыстәыла, Америка, Британиа, Китаи, Франциа, Германиа еилацәажәеит ирантәи атом апроблема аганахь ала.

Еицрыдыркылеит ахымҩаԥгашьатә план. Аплан ақәныҟәара Иран иахнахуан уаанӡа иадгалаз аекономикатә санкциақәа.

2018-шықәса рзы Дональд Трамп Вашингтон аилаӡара иалҵуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уи адагьы иҳәеит Тегеран аганахь ала асанкциақәа шеиҭахацыркхо.