ЕАШ Иран иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаны анефҭ ахәԥса каҳауам

© Фото : Delfino BarbozaДобыча нефти
Добыча нефти - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аексперт Дмитрий Маринченко ЕАШ Иран иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаны анефҭ ахәԥса каҳауам ҳәа азиԥхьаӡоит.

АҞӘА, абҵара 6– Sputnik. Адунеитә нефҭтә џьармыкьаҿ ЕАШ Иран иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаны анефҭ ахәԥса каҳауам, анефҭ ахә 100 долларк ишхамло еиԥш ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи ареитингтә маҵзура Fitch аԥсабаратә ресурсқәеи аӡақәеи ргәыԥ адиректор Дмитри Маринченко.

Флаги США и Ирана - Sputnik Аҧсны
Америка Иран аганахь ала асанкциақәа хацнаркит

"Макьаназ анефҭ ахәԥса акаҳара иазыԥштәым. Иранынтәи анефҭ аимпорт еиҵахоит аха, усгьы мышкала миллион баррель рҟынӡа анефҭҵхра еиҵахом. Ус анакәха арезервтә фондқәа аанхоит. Ахәԥсагьы 70-80 доллар рҟны инхоит", — иҳәеит Маринченко.

Абҵара хәба рзы амчра роуит Иран иаҿагыло америкатәи асанкциақәа. Арахь иаҵанакуеит ирантәи анефҭ аекспортгьы.

Абҵара 5 рзы анефҭ адунеитә хәыԥса лаҟәит 0,5% рҟынӡа. Асааҭ 9.11 мск рзы амарка Brent иатәу анефҭ ахәԥса лаҟәит 0,45%, 72,5 доллар баррельк азы, амарка WTI иатәу—0,57%, 62,78 доллар баррельк азы. Амш аҩныҵҟа ахәԥсақәа рҽеиҭаркит. Асааҭ 17.12 мск рзы амарка Brent иатәу анефҭ 1% иацлеит, 73,56 доллар баррельк азы, амарка WTI иатәу—0,62%, 63,53 доллар баррельк азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0