Ҳагԥҳа "Аҟазара аԥсҭазааразы" иазкны: ақәыԥшцәагьы ахьалахәу агәахәара ҳнаҭоит
© Sputnik
"Агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроект "Гәыразыла" аҩнуҵаҟа ацәыргақәҵа мҩаԥаҳгоит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рымчала. Аԥсны инхо мацара ракәымкәа анҭыҵ инхо егьырҭ амилаҭқәа иреиуоу ҳауаажәларгьы ҳабжьы рықәҳаргеит. Ацәыргақәҵа иаҭаауа асахьақәа рыхәаԥшра рнаҩс иаархәар рылшоит, аԥара зегьы ахәыҷқәа рыхәшәтәрахь иҳашьҭуеит. Аофициалла ацәыргақәҵа ӡыраҳгоит ҳазҭоу амза 24 асааҭ 18 рзы. Асахьақәа рнаҩсгьы анапкымҭақәагьы цәыргахоит", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
"Аҟазара аԥсҭазааразы" захьӡу ацәыргақәҵа Урыстәыла аҳҭнықалақь иаартызаауеит ԥхынгәы 22 инаркны нанҳәа 9-нӡа Москватәи амилаҭқәа рыҩнаҟны.