АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Аибашьра ду аветеранцәеи, Аԥсны аибашьра аинвалидцәеи зныктәи ашәарақәа роуеит. Абри азы ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Муткои. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистра апресс-маҵзура.
Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит 109 миллиони 332 нызқь мааҭ аԥара зоужьра.
Анапы зҵаҩу ашәҟәы инақәыршәаны 51 миллиони 600 нызқь мааҭ азырхахоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәеи аинвалидцәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи изныктәиу ашәарақәа рыҭара.
"Ԥхынгәымза нҵәаанӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәеи аинвалидцәеи аԥара рызшәахоит, егьырҭ – нанҳәамза алагамҭазы", - аанацҳауеит Аекономика аминистра апресс-маҵзура.
57 миллиони 732 нызқьи мааҭ азырхахоит еиуеиԥшым асоциалтә зҵаарақәа рыӡбра.