Шәачаа амшцәгьақәа рзыԥшуп

Асабшанӡа Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп амшцәгьа ӷәӷәа ҟалар ҟалоит ҳәа.

Ԥхынгәы 18, 19 аметеорологцәа иазыԥхьагәарҭоит ақәаршҩы, адыд-мацәыс, аԥшаӷьы.

Амшцәгьа инадҳәаланы Шәача ауааԥсыра ргәы рҽанызарц рылаҳәоуп

"Аӡиасқәа рҟны аӡы шьҭыҵыр алшоит. Ашьха иахьаԥну аҳәынҵәеиларшьшь леиуеит. Магри - Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳә ҟалар ауеит", - азгәарҭоит акурорт анапхгара.

Асабшанӡа Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә канструкциақәеи ирыҵадмыргылаларц.

Ԥхынгәы 14 рзы амшцәгьа иахҟьаны Кудепста, Адлер, аԥсуа-аурыс ҳәаахь уаазго афедералтә трасса рҿы амҩақәа ӡыла иҭәын.

Аԥшацәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара еиԥҟьан.