Шәачаа амшцәгьақәа рзыԥшуп

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәачаа амшцәгьақәа рзыԥшуп
Шәачаа амшцәгьақәа рзыԥшуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабшанӡа Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп амшцәгьа ӷәӷәа ҟалар ҟалоит ҳәа.

Ԥхынгәы 18, 19 аметеорологцәа иазыԥхьагәарҭоит ақәаршҩы, адыд-мацәыс, аԥшаӷьы.

Снегопад в Сочи - Sputnik Аҧсны
Амшцәгьа инадҳәаланы Шәача ауааԥсыра ргәы рҽанызарц рылаҳәоуп

"Аӡиасқәа рҟны аӡы шьҭыҵыр алшоит. Ашьха иахьаԥну аҳәынҵәеиларшьшь леиуеит. Магри - Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳә ҟалар ауеит", - азгәарҭоит акурорт анапхгара.

Асабшанӡа Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә канструкциақәеи ирыҵадмыргылаларц.

Ԥхынгәы 14 рзы амшцәгьа иахҟьаны Кудепста, Адлер, аԥсуа-аурыс ҳәаахь уаазго афедералтә трасса рҿы амҩақәа ӡыла иҭәын.

Аԥшацәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара еиԥҟьан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0