АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Быжьҩык ауаа хабарда иӡит Ҭырқәтәыла аӡхыҵрақәа раан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.
"Есма-Ҳаным, Делавер, Улу ақыҭақәа рҿы быжьҩык ауаа хабарда иӡит. Иацы еиҭасҳәон ауаа ақалақь Диузџьаҟа иганы ахыҵакырҭақәа шырзырыԥшааз. Иахьа ҳара ҳмилаҭ еиуоу ауаа зегьы рыуа-рҭынха еихшаны ирымоуп", - еиҭеиҳәоит Ҳаразиа.
Ҳџьынџьуаа аӡәы хәышәтәырҭак ахь днанагеит ҳәа Ҳаразиа дырра имам. Иара иажәақәа рыла ирацәаҩуп зыҩнқәа ирхымҵыз ауаа. Урҭ рахь уажәы атехника ҷыда нашьҭуп, аӡы, афатә рызнаргоит.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа идыррақәа рыла ҩеижәа рҟынӡа аӡы зҵалаз аҩнқәа анхаразы хәарҭара рылам.
Амҩақәеи афымцалашареи реиҭашьақәыргылара, аӡымҩангагақәа реиқәыршәара аамҭа заҟа аҭаху макьаназ аӡәгьы изҳәом. Аҳәынҭқарра ацхыраара шыҟарҵо азы ажәа рҳәеит ҳәа азгәеиҭоит Ҳаразиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит
- Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп
Қәҭарба аԥсуа қыҭа Есма-Ҳаным иҟоу аӡхыҵразы: ауааԥсыра аимадара рымам