Ԥшьымш ирықәуп Бамборатәи амҩа ауааԥсыра фымцалашарада иҟоижьҭеи

Гәдоуҭа ақалақь Бамборатәи амҩаҿ анхарҭаҩнқәа ашәахьа, ԥхынгәы 15 раахыс фымцалашарада иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥшьымш ирықәуп Бамборатәи амҩа ауааԥсыра фымцалашарада иҟоижьҭеи. АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҭагылазаашьа аилкаара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.

Авариа ахьыҟалаз анаплакы аҟазауааи еиҭаҵуа алабораториеи нарышьҭит, аха макьаназы иҟоу зыхҟьаз амзыз рзышьақәмыргылацт. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәагьы ахьынӡамҩаԥгахо макьаназ аҭак ыҟам.

Апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит Бамборатәи амҩа "Амшынеиқәафымцамч" абаланс ишаҵанамкуа, аха анаплакы ара инхо, ҩышәҩык инарзынаԥшуа абонентцәа рымаҵ аулароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: