Арадио

Барганџьиа: аҭаацәара алалара азҵаара ахьԥсыҽу азы еиҳарак ахара зду аҳәса роуп

Иалшома ақьаӷьариара аинститут адемографиатә ҭагылазаашьа аиқәырхара, насгьы изхарада ианаамҭоу аҭаацәара иахьаламло аҳәсеи ахацәеи. Абарҭ азҵаарақәа арадио Sрutnik аефир аҟны дрылацәажәоит Рудик Барганџьиа.
Sputnik
Барганџьиа: аҭаацәара алалара азҵаара ахьԥсыҽу азы еиҳарак ахара зду аҳәса роуп

"Анкьа ацәажәаразы имаџьаназ рацәан, 60 процент рҟынӡа ақьаӷьариа дрыбжьацәажәон, знык ада еибамбакуа еибагон. Ақьаӷьариа еиқәнагоуп ҳәа еибалырбон, аҭаацәагьы азыразын. Уажәы аҭаацәарақәа анааԥырымҵо асоциалтә, аматериалтә ҭагылазаашьа иахарарҵоит, аха ус иҭышәынтәаланы рыҩнгьы, рмашьынагьы ыҟаны, амал иазрыцҳамгьы аԥҳәыс анырзаамго ыҟоуп. Усҟан ақьаӷьариа дахьыҟам рыцҳароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Иара игәаанагарала аҭаацәарақәа раԥҵара азҵаара ахьԥсыҽу азы еиҳарак ахара зду аҳәса роуп.

"Иқҿахоуп, еиҵахоуп, илахҿыхӡам, ианеибадыр, - лара лоуп аинициатива аазырԥшыша", - иҳәеит Барганџьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: