Хра злоу ахҭысқәа: Басныкԥҳа ақьаӷьариара иазкны
"Уажәшьҭа 17 шықәса ҵуеит аус ҳуеижьҭеи. Раԥхьа Аҟәа ҳаҟан, аҵыхәтәантәи жәшықәса - Гагра. Иҟоуп исыцхраауа аӡӷабцәа, аҷкәынцәагьы шьҭа ирдыруеит. Ҳаргьы Аԥсны ахы-аҵыхәа ҳахьымцо ыҟам, аҷкәын 45 шықәса ихыҵуеит дҭаацәарам ҳәа анҳаҳауа, ҳмаашьакәа ҳцоит. Аҷкәын ипатреҭ заа игәасҭоит, диқәнагазар аӡӷаб ҳлыхәаԥшуеит. Заа аӡӷабгьы хәыҷык дазыҟаҵаны ҳнеиуеит аус ахьылуа. Ахаҵа иқәрахь даннеилак, цхыраарада аӡӷаб лацәажәара, аҭаацәара алалара ицәыуадаҩуп. Иҟоуп ақьафурҭахь анеира зцәыуадаҩу амамзаара иахҟьаны, иҟоуп аӷьараҳәагьы иҟоу", - лҳәеит Басныкԥҳа.
Лара иазгәалҭеит зықәрахь инеихьоу ахацәа лассы-ласс дара раҵкыс қәрала акыр еиҵоу аҭыԥҳацәа ишрышьҭоу.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.