Арадио

Кәыҵниа "Абрыскьыл" азы: ахәыҷқәа аԥсышәала изырцәажәаша аԥысҵарц сҭахын

Амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Абрыскьыл" изку амультфильм ҿыц азы аусурақәа шцо атәы.
Sputnik
Кәыҵниа "Абрыскьыл" азы: ахәыҷқәа аԥсышәала изырцәажәаша аԥысҵарц сҭахын

"Аԥсны ас еиԥш инеиҵыхны амультфильм ҟамлаӡац, иҟамлац иара убас адиалогқәа рацәаны измоу аусумҭа. Араҟа ирацәоуп аиҿцәажәарақәа, амультфильм 16-17 минуҭ иҟалоит. Акадрқәа рацәоуп, аусгьы рацәоуп. Иара афырхаҵара атема аанырԥшуеит, аха зегьы лафны. Исҭахуп ахәыҷбаҳчеи ашколи рахь ицо ахәыҷқәа рзы ак аԥҵазарц, иргәаԥхартә еиԥш, иарччартә еиԥш, рхатәы бызшәа раҳартә еиԥш. Амультфильм аҿы ирацәахоит аԥсуа музыка, ҿыц иаԥҵоугьы ыҟоуп. Уажәы аперсонажцәа рыбжьы ахаҵара ҳаҷуп. Дыҟоуп агызмал, адау, аҽы - зегьы дара рхатә хаҿсахьа, цәаҩа, абжьы рымазаауеит. Исҭахын иаразнак рыбжьы шаауаҳалак иудыруа иҟаларц. Ари амультик анаҩс еиҭа иаҵцаны иҟоуҵар алшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: