Џьамбул Жорданиа и-Шьапхырҟьаҟьараа: "милаҭла" иаԥсыуоу акьанџьатә театр шҭырхуа

© SputnikШьапхырҟьаҟьараа
Шьапхырҟьаҟьараа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьамбул Жорданиа зҭыхра даҿу аԥсуа акьанџьатә театр "Кынеи Кәаӷьынеи анбанқәа шырҵоз" аус адулара ахьынӡанеихьоуи, уи персонажцәас иалоуи, насгьы иарбан комиссиоу изхысызи шәаԥхьар шәылшоит Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Мым иацәшәо Мым хәыҷы

Аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа акьанџьатә театр ахархәарала аԥсуа хәыҷтәы мультфильм аҭыхра даҿуп. Иаҳхысыз ашықәс жьҭараамзазы зҭыхра напы аиркыз "Ицәажәо алфавит" захьӡыз апроект уажәшьҭа ахьӡ ҿыц аҭаны - "Кынеи Кәаӷьынеи анбанқәа шырҵоз" - ашықәс ҿыц аламҭалазы ихиркәшеит. Аха Џьамбул излеиҳәаз ала, ари аусумҭа макьана инагӡаны еизгаӡам, мызқәак рышьҭахь ауп ахәыҷқәа уи инагӡаны иахәаԥшыртә аҭагылазаашьа анроуа.

Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа амультфильм "Агәы хьшәашәа" азы: иаҳулакгьы ҳалгеит

Амультфильм асиужет инақәыршәаны, афырхацәа хадақәа Кынеи Кәаӷьынеи инеимда-ааимдо аԥсуа нбанқәа рҵоит. Нбанцыԥхьаӡа хәба-фба минуҭ ицо сериак азоужьуп. Анбан "Г" аҟны дцәырҵуеит ахԥатәи афырхаҵа хадагьы, Мым хәыҷы захьӡу. Акьанџьақәа рыбжьқәа рхарҵеит апроект асценарист, арежиссиор Џьамбул Жорданиа, иара убас аҿар ртеатр актиорцәа Лана Гьергьиаԥҳаи Саид Камкьиеи.

Ишаԥу еиԥш, ахьӡ Мым аԥсуаа рхы иадырхәоит ахәыҷқәа рыршәагас, асаби иҟазшьа бааԥс џьара акала дахьдырхәырц анырҭаху. Иаҳҳәап, зҭаацәа рҳәатәы хазымҵо амбжьах "Мым уифоит" ҳәа аниарҳәалак, иаргьы, акәҵәҟьоу џьшьа, иаразнак аӡырҟәандеиԥш дааҟалоит. Ажәакала, ахәыҷқәа рааӡараҿы Мым еснагь аҭаацәа дрыцхырааҩуп.

Аҩӡба еиҭеиҳәеит аԥсышәала ицәажәо амультфильмқәеи адырраҭарақәеи иаку реизакырҭа атәы>>

Аха Џьамбул и-Мым ахәыҷқәа ргәы аҭҟьара моу, ихаҭа дшәаргәындоуп аҟнытә, зегьы рҟынтәи кыр аамҭа абнаҿы иҽыԥхьаикуеит. Абна дылҵны ауаа рахь данаалакгьы, Мым имӡаӡакәа иҳәоит игагаҵәҟьа дшацәшәо, аилазаара дшамаабуа. Аха Кынеи Кәаӷьынеи иара игәы азырхаҵаны иеилдыркаауеит ус ахымҩаԥгара шиашам, насгьы иабжьыргоит дара реиԥш иаргьы анбанқәа рҵара иҽазикырц. Абасала, имырхьаацәакәа, иаармарианы, ахәаԥшҩы хәыҷы амультфильм алагамҭа инаркны ирбахоит аиҩызаратә еицхыраара аҿырԥштәы.

Аханатә ари апроект аҟны персонажцәа хадақәаны иҟалашаз "ақалԥад парпарқәа" ракәын. Аха, Џьамбул иажәақәа рыла, анаҩс Кынеи Кәаӷьынеи ҳәа зыхьӡиҵаз афырхацәа машәыршәа аинтернет аҟны ианиԥыхьашәа, иаразнак игәы иақәшәеит, иагьииӡбеит урҭ рыкәша-мыкәша амультфильм асиужет еизигарц. Акьанџьақәа дук хара имгакәа Санкт-Петербургынтәи иааган.

Асҭамыр Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: аԥсуа мультфильмқәа рыда ахәыҷқәа рбызшәа агьама дыркра уадаҩуп

Зыбз "аԥҽра" зҭаху рзы

Амультфильм автор ҷыдала иазгәеиҭеит иусумҭа арҵагатә методика аҳасабала ишахәаԥштәым, иҳәеит баша ахәыҷы дзырлахҿыхуа, аха убри аангьы аԥсышәала ибз "ԥызҽуа" асахьа аԥҵара шакәыз ихықәкы хадаз. Иара иажәақәа рыла, амультфильм аперсонажцәа рцәажәашьа иахьынӡауа ала ақыҭа бызшәа иазааигәаны, рҳәашьа цқьаны, ииашаны иҟаларц азы кыр аџьабаа батәхеит. Аамҭак азы уахи-ҽни  инеиԥмырҟьаӡакәагьы аҭыхрақәеи аматериал аус адулареи мҩаԥысуан. Амультфильм зегьы ҭыхын Џьамбул Жорданиа иусуратә уада аҩнуҵҟа.

"Агәыӷра сымоуп ари иҭаацәашәалатәиу хархәагахап ҳәа. Избанзар ахәыҷқәа ирзеилымкаауа ажәақәа ҟалар, рҭаацәа иразҵаауа, аҭаацәа ракәзаргьы, урҭ иреилдыркаауа – абасала хәыҷи-дуи аамҭа кьаҿк иадамзаргьы рхатәы бызшәала еицархәыцуеит. Ари амультфильм ҳәарада ахшыҩрҵагатә ҟазшьа аҭара акәмызт сара исхықәкыз. Сара исҭахын ахәыҷы идунеихәаԥшра, ихәыцшьа ишаҵанакуа ала иаармарианы аԥсшәа ихаҿы анагара, аԥсуа ԥсҭазаашьа аелементқәа иара ишидикылаша арлахҿыхратә форма рыҭаны идгалара. Кына, Кәаӷьына, Шьапхырҟьаҟьараа реиԥш иҟоу ахьӡқәа ахәыҷы акгьы иарымҳәозаргьы, зегьакоуп ибыз ԥнаҽуеит, ацәажәашьа ибзианы инарҵоит. Убри азоуп ахьӡқәа ирацәаны иалазгалар зысҭаххаз", - иазгәеиҭеит Џьамбул.

"Акомиссиа" иахысит

- Баала, ахаҳә ҟьаԥсқәа еизаҳгоит! – ҿааиҭуеит Кәаӷьына.

- Ашә ҟьаҟьаӡа иаартны узаауеи? – аҭак ҟалҵоит Кына.

Аблоҭиа: абызшәа арҿиаразы иреиҳау мчуп аекран>>

Ҿырԥштәыс иаагозар, абас иалагоит анбан "Ҟь" иазку асериа. Анаҩс ари аицәажәара акьанџьақәа анбан ахаҭа аҵарахьы иазнанагоит. Абри ашьҭахь ицоит ажәеинраалақәа рыхәҭа. Урҭ ирыԥхьо ахәыҷқәа 23-ҩык аллыԥшааит, аусгьы рыдылулеит арҵаҩы, ааӡаҩ Замира Амқәабԥҳа.

Лара илҳәеит ас еиԥш иҟоу аҭыхымҭа ахәыҷкәа аԥсшәа дырҵаразы ишхәарҭа духо ауаа еилыркаап ҳәа агәаанагара шлымоу.

"Ахәыҷбаҳчақәа рҟны изныкымкәа ахәыҷқәа идҳарбахьеит ари амультфильм. Ахәыҷқәа  ателехәаԥшыга иаҳзадымхуа аҟынӡа бзиа ирбеит Кынеи, Кәаӷьынеи, Мым хәыҷи. Ҿыц ацәажәашьа зҵо асаби иаҳауа зегьы бзианы игәникылоит, ибла иабо дазҿлымҳауп. Убри аҟнытә иара илаԥшҳәаа хәыҷы иашьашәало аԥсуа мультфильм иара изы ихымԥадатәиуп", - лгәаанагара лҳәеит Амқәабԥҳа.

Иахьатәи аамҭазы ари апроект абжеиҳарак аус адуланы еиқәыршәоуп. Џьамбул иажәақәа рыла, аҵыхәанӡа ианынагӡахалак, иара иартәо аамҭа хәсааҭк маҷк инҭысуеит.

Заседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса Алашара - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа бызшәа зынӡа иаӡӡаар ҟалоит

Апроект аус адулараан ицәырҵуаз ауадаҩрақәа дрылацәажәо, иара иазгәеиҭеит нбанцыԥхьаӡа ажәеинраалақәа рзыԥшаара шыуадаҩхаз. Ахархәара рыҭан Валери Касланӡиа, Терент Ҷаниа реиԥш иҟоу апоетцәа ахәыҷқәа ирызку ражәеинраалақәа, иара убас занааҭла иҳақьымыз Гьаргь Занҭариа ицәаҳәақәа. Убри инаҷыданы, асериақәа иргәылалеит ҷыдала ари амультфильм азы Џьамбул Жорданиа иаԥиҵаз 33 хәыҷтәы ашәа.

Апроект "Ицәажәо алфавит" анынагӡахалакь, ари аԥсуа мультфильм аиԥш зеиԥшу рхыԥхьаӡараҿы раԥхьаӡатәихоит. Уажәнатә ахәыҷқәа рганахьала иамоу азҿлымҳара ҳасаб азуа, иҟоуп агәаанагара ари амультфильм ахәаԥшцәа рацәаҩны ишеизнаго. Имӡакәа иаҳҳәозар, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟазаауеит ари анҵамҭа авторгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0