Аҟәа Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы, асааҭ 16:00 рзы имҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазку ахәылԥаз ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
"Ари арыцхә есышықәса иазгәарҭоит, иара ныҳәа ԥшӡаны имҩаԥысуеит, ауаа ашьцылеит, рхы аладырхәуеит, милаҭтә костиумқәа рышәҵаны еиԥылон, еидныҳәалон. Сынтәа иазыӡбан ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара, аҳәынҭқарра аҭоурых зегьы зныԥшуа ахәылԥаз аиҿкаара. Темас иамоуп Аԥсны абираҟқәа рҭоурых. Иарбан аамҭазаалакгьы Аԥсны иаман ахатә бираҟ, уи аҭоурыхтә фактқәа еснагь ҳрылацәажәоит, аха еизҳауа аҿар рзы ҽазнык агәаларшәара ахәҭаны иҳаԥхьаӡоит. Ахәылԥаз аҿы ҳактиорцәа ирыԥхьоит аҭоурых ду змоу, ҳбираҟ иазку, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҩу ажәеинраалақәа. Иқәгылоит аестрадатә шәаҳәаҩцәа, ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза", анаҩс аԥшаҳәаҿы ахәаԥшцәа зегьы рхы аладырхәыр рылшоит аԥшаҳәаҿы имҩаԥгахо аныҳәатә программа", - азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
- Аныҳәатә хәылԥазы, аконцерт: абираҟ амш азгәарҭоит Аҟәа>>
Аԥсны акультуратә хҭысқәа ԥхынгәы 22 инаркны 28-нӡа