Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара иалагеит

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Аԥсны ахада иалхра рҽаладырхәыр рылшоит. Абжьыҭирҭатә ҭыԥ аартхоит Сҭампыл, Аԥсны ахаҭарнакра ахыбраҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. Абжьыҭирҭатә ҭыԥ аартхоит Сҭампыл, Аԥсны ахаҭарнакра ахыбраҿы алхрақәа рымш аҽны, нанҳәа 25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

"Аԥсны алхратә комиссиа хадаҟынтәи азин ҳауит Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа алхратә ҭыԥ №6 аартра. Уажәы Аԥснынтәи абиуллитенқәа анаарышьҭуа ҳәа ҳаԥшуп", - иҳәоит ахаҭарнак.

Ахаҭарнакраҿы иаздырхиоит алхратә комиссиа алахәылацәа рсиа. Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, иара иалахәхоит ааҩык. Ԥхынгәы 24 рҟынӡа уи асиа Аԥсны АКХ иазаашьҭхоит.

Ҳаразиа Ҭырқәтәыла Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы: ныҳәак еиԥш еиҿаҳкаауеит>>

"Аԥсны ахада Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы иалхра азакәаншьаҭа аманы имҩаԥгахоит. Иахәҭаны иҟоу ашәҟәқәа зегьы еиқәыршәоуп. Аԥсны АКХ ахантәаҩы ихьӡала Ҭырқәтәыла аиҳабыра ашәҟәы рзынашьҭын. Дара ахәаԥшны азин ҟарҵеит", - иҳәоит Ҳаразиа.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит иара убасгьы Москвеи Черкесски.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы.

Аԥсны АКХ кандидатцәас ашәҟәы иҭанагалахьеит Рауль Ҳаџьымба, Леонид Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа, Шамиль Аӡынба, Олег Аршба, Алмас Џьапуа, Асҭамыр Ҭарба. Артур Анқәаб, Асҭамыр Оҭырба, Асҭамыр Какалиа рдокументқәа аҭҵаара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: