Алхратә комиссиа хада аҳәаанырцә алхратә ҭыԥқәа хԥа аанартуеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа аартхоит аҳәаанырцә: Москва, Черкесск, Сҭамбул. Абри атәы аарыцҳаит Алхратә комиссиа хада аҟынтәи.

ЦИК  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны алхратә комиссиа хада ашәҟәҭаҩрақәа хнаркәшоит

"Аԥсны анҭыҵ иаартхо аҭыԥқәа азакәан инақәыршәаны Аҟәатәи алхратә округ №6 иаҵанакуеит", – рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аԥсны анҭыҵ еиҿкаахо алхратә ҭыԥқәа алхрақәа рымш аҟынӡа 30 мшы шыбжьоу ишьақәырӷәӷәахоит.

Аҩаша, ԥхынгәы 16 рзы Аԥсны алхратә комиссиа хада акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рышәҟәҭаҩрақәа хнаркәшоит. Азакәанԥҵара инақәыршәаны ари аус хыркәшоуп алхрақәа ррыцхә – нанҳәа 25 рҟынӡа 40-мшы шыбжьоу.

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргылоз аполитикатә партиа "Акзаареи".

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Аԥсны Акзаара", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Ԥхынгәы 3 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны ахадарахьы Олег Аршбеи Шамиль Аӡынбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Аԥсны ахадарахьы акандидатс Рауль Ҳаџьымба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ,

Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим XI аизара ду аҟны, ԥхынгәы 10 рзы атәыла ахадас ҳәа иӡбахә рҳәеит Алхас Кәыҵниа уаанӡа иазыԥхьагәаҭаз Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи рыхьӡ ҳәоуп: Алмас Џьапуа, Асҭамур Какалиа, Асҭамур Ҭарба, Асҭамур Оҭырба, Шамиль Аӡынба, Артур Анқәаб, Олег Аршба, Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа.

Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь, жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩраԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

Атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩразы иаҭахуп 10-ҩык ауаа, урҭ зегьы дара рхаҭара шьақәзыргыло адокументқәа ааргароуп. АКХ урҭ ирынаҭоит ахадарахьы акандидат иҭаҩразы иаҭаху адокументқәа рсиа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0