Ашьыжь Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр аан ԥсыҭбара ҟамлеит

Ԥхынгәы 23, Аҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр иақәшәаз ауаа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаган.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥхынгәы 23, Аҩада Ешыра амҩатә машәыр алахәылацәа ԥшьҩык ахәышәтәырҭаҿы рааныжьра аҭахым ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба.

"Ԥхынгәы 23, Аҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр алахәылацәа ԥшьҩык: Кикаа Д., Федоров Р., Костылев С., Костылев А. ахәышәтәырҭахь иааган. Аԥхьатәи ацхыраара рыҭан. Урҭ рҟынтәи ахәышәтәырҭаҿы дааныжьуп Кикаа Д.", - иҳәоит аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ.

Ԥхынгәы 23, Аҩада Ешыра амҩатә машәыр ҟалеит. Кикаа зыԥсҟы икыз автомашьына Honda имашьына изаанымкылакәа, Volkswagen дасит.