"Аԥсны Ашәҟәы шкәакәа" аиқәыршәаҩцәа Ажурналистцәа реидгыла иаларҵеит

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ажурналистцәа реилазаара алахәыла ҿыццәа рнапаҿы иаиркит агәраргагақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Аԥсны Ашәҟәы шкәакәа" аиқәыршәаҩцәа Павел Флоренскии Татиана Шутовеи 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ажәа изныкымкәа иахызҳәаахьаз арратә журналист Евгени Баранови Ажурналистцәа реидгыла иаларҵеит ԥхынгәы 22 рзы.

Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых>>

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи ржурналистцәа реинырра аҵак ду аманы ишыҟоу.

"Хымԥада иаҳҭахуп аинырра бзиа, агәаанагарақәа реимдара, аилацәажәара. Шәара шәыцхыраарала ҳара атәыла ахьӡ-аԥша адунеи иалаҳарҵәалароуп", - иҳәеит Ҳашыг.

Ажурналист Евгени Баранов иазгәеиҭеит урыстәылатәи афедералтә АИХ Аԥсны еиҳа азхьаԥшра арҭалароуп ҳәа.

"25 шықәса ҵуеит Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара аҳра ауеижьҭеи. Иахьа ак уҳәар уҭахызар, иҟоу шыҟоу иуҳәалароуп. Амандаринақәеи акурорттә сезони рымацара рыхцәажәара иашам. Ҳара иаҳусу иаабаз-иҳаҳаз аиҭаҳәароуп", - иҳәеит Баранов.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ажурналистцәа реилазаара алахәыла ҿыццәа агәраргагақәа рнапы иаиркит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Ажурналисттә етика ахартиа иалалеит
  • Руслан Ҳашыг: аӡәгьы акгьы ҳамҭас иуанеишьаӡом, ухаҭа аиҿкаашьа уақәымшәар