Арадио

Вартагаа еиҭеиҳәеит аҳәаа иахырго аҵиаақәа агәаҭарақәа ишырхысуа

Афитосанитартә гәаҭарақәа Аԥсны аҳәааҿы ишеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аспециалист хада Анзор Вартагаа.
Sputnik
Вартагаа еиҭеиҳәеит аҳәаа иахырго аҵиаақәа агәаҭарақәа ишырхысуа

"Аҳәаа иахрыжьуа аҵиаақәа зегьы аҳәааҿы ауп иахьгәарҭо. Дара ирыцзароуп асертификат, ирыцымзар - шьҭахьҟа идыргьежьуеит. Амашьына дуқәа ракәзар, аҵиаа анализ аҟаҵаразы иааргоит, еилагара ыҟамзар, иара цқьазар, игәаҭаны ашәҟәы илырҩаауеит. Аспециалистцәа аҳәааҿы лаԥшыла ауп ишгәарҭо, џьара акы гәҩарак рызцәырнагар, идыргьежьуеит. Абас еиԥш аусура мҩаԥысуеит аҩҳәаак рҿы. Иҭало аиҭаҳатә изакәызаалакгьы шәҟәыда иҭаргалаӡом, арахьгьы уахьгьы. Еилагарак ҟаларагьы, аҭакԥхықәра зду ашәҟәы изылызҩааз иоуп. Аҵиаақәа ачымазара рымоуи рымами аиҳарак уахьахәаԥшуа иубоит", - ҳәа азгәеиҭеит Вартагаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: