Арадио

Џьапуа абаза материалқәа еидызкыло ашәҟә ҿыц азы: сыԥхыӡ иалан акраамҭа

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит абаза фольклори абызшәеи ҭызҵаауаз аҵарауаҩ Анатоли Генко иҭҵаарақәа рыла аматериал харҭәааны ашәҟәы аиқәыршәареи аҭыжьреи шыҟалаз.
Sputnik

Ашәҟәы еицҭрыжьит Зураб Џьапуеи Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рлитературақәа рзы аспециалист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Пиотр Чекалови.

Џьапуа абаза материалқәа еидызкыло ашәҟә ҿыц азы: сыԥхыӡ иалан акраамҭа

"Анатоли Нестор–иԥа Генко иабаза материалқәа еидызкылаз ашәҟәы сыԥхыӡ, схәыцра иалан, ианбанагӡахо, ианбаҟаҳҵо ҳәа. Убри наӡеит, аԥсҭазаараҿы сзеигәырӷьақәахьоу иреиуоуп",-  иҳәеит Џьапуа.

Ашәҟәы ҿыц ианылеит абаза фольклор иадҳәалоу иуникалтәу аматериалқәа, иналукааша кавказҭҵааҩы, алингвист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф Анатоли Генко аҩажәатәи ашәышықәса 1929, 1933 шықәсқәа рзы иҟаиҵахьаз аҭҵаарақәа.

Аизга аҩбатәи ахәҭаҿы иаагоуп Генко А.Н. абаза бызшәа иазку иҭҵаамҭақәа рҭоурых аазырԥшуа уаанӡа ицәыргамыз аматериалқәа, адокументқәа. Аизга аҩхәҭак ртекстқәа ԥшаан Мрагыларатәи анапҩырақәа ринститут Архив аҟны (ақ. Санкт-Петербург), Ставропольтәи атәылаҿацә Аҳәынҭқарратә архив (ақ. Ставрополь), А.Н. Генко ихатә архив рҟны.

Ари ашәҟәы рзынархоуп алингвистцәа-кавказҭҵааҩцәа, антропологцәа, Кавказ жәларқәа рдоуҳатә культура апроблемақәа ирызҿлымҳау зегьы.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.