Араԥиԥа Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара иазкны: данаҳба ашьҭахь Аԥсны ҳгәы азыбылуа иалагеит
© Sputnik
"Владислав Арӡынба даауеит анырҳәа, ақыҭа зегьы ршьапы иқәгылеит, имҩа рҿаԥшьеит, изыԥшит, дымҩаԥыргеит. Иахьагьы зегьы иргәалашәоит уи аиԥылара, убас агәахәара ҳауит. Егьырҭ ақыҭақәа рҟнытәгьы иҟан, зыгьы иара иакәын иззыԥшыз. Ҳара уахь иҟоу ажәабжьқәа ҳәа ҳиазҵааит, уахьгьы арахьгьы игәы шыблоз ҳаиҳәеит. Арӡынба иаара даара ихәарҭахеит. Уахь ҳазцомызт ҳзаауамызт арыцҳарақәа ҳаман, иара данҳацәажәа ашьҭахь, Аԥсны ҳгәы азыбылуа иалагеит", - ҳәа игәалаиршәоит Араԥиԥа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп
Ашәба: арепатриациа амал рацәаны иадҵахар, алҵшәа ҟамларц залшом