Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анеиҿкааха, шәара шәакәын раԥхьа напхгара азҭоз. Уи аԥҵара шԥаҟалеи, ишԥаԥшьгахеи?
— Аибашьра анцоз аамҭазы, Владислав Арӡынба, хаҭала дсыԥхьан исеиҳәеит, арепатриациазы аилак аиҿкаара игәы ишҭаз, насгьы напхгара асҭарц шиҭахыз. Хымԥада, уи идҵа нагӡатәын. Аханатә абас нап аҳаркит, излаԥуҵашаз қьаадкгьы аԥҵамызт, аиҿкааратә усқәа нап рылаҳкит ажьырныҳәа мзазы, ҩымзҟа ҳаргеит урҭ аусқәа рымҩақәҵара, хәажәкырамзазы иаԥҵан аҳәынҭқарратә комитет ҳәа.
- Ааигәа, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аминистрра ҳәа астатус аиуит. Аусура аиӷьтәразы ас еиԥш аиҭакра цхыраагӡоума, иарабан функциақәоу изықәныҟәоу?
— Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа маҷымкәа исхызгахьеит, урҭ зегьы структурала еилахәуп: Аҳәынҭқарра аиҳабыра реилазаара, аминистрцәа, аҳәынтқарратә комитетқәа реиҳабацәа, аусбарҭақәа реиҳабацәа. Аминистррагьы аҳәынҭқарратә комитет аиҳабгьы статусла еиҟароуп. Аминистр еиҳа ауаҩ илымҳаҿы иааиуеит, аха функциала, статусла, зегь еиҟароуп. Аҳәынҭқарратә еилакқәа реиҳабацәагьы аминистрцәа реилазаара иалахәуп. Сгәы иаанагоит, ҳдиаспора аминистрра анырҳәо еиҳа даҽакала иазхәыцуеит ҳәа. Ирҳәақәоны исаҳақәахьан, аилак аминистрра аҩаӡара аҟынӡа инагатәуп ҳәа. Аидеологиатә ҵакы маҷк иамазар ҟалап. Аминистрра алшарагьы, аҳәынҭқарратә комитет алшарагьы акоуп. Ишахьӡзаалакгьы, амал амамзар акагь алҵӡом. Функциала акымзарак аҽаԥсахӡом. Иаҳҳәап, амилициа аполициа анырҳәо, еиԥшымрақәак ыҟоуп, ауниверситети аинстиути урҭгьы аиԥшымзаарақәа рымоуп. Урҭ рыстатусқәа хазуп. Аминистрра ахьӡҵаны ахылаԥшра иҵегьы еиҳахозар, амал еиҳа ирацәаны иадҵахар, аусқәа рынагӡара еиҳа гәцаракра аиур, уи бзиоуп, алҵшәа ҟамларц залшом.
- Шәара еиуеиԥшым аҳәынҭкарратә усбарҭақәа рҿы аус шәухьеит, аԥышәа рацәаны ишәымоуп, арепатриациазы аилак аԥҵоижьҭеи уажәшьҭа 25 шықәса иреиҳауп, ахықәкы хада аҿаԥхьа иқәгылоу шәазааҭгыларц сҭахәуп.
— Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ишахьӡзаалакгьы, икомитетума, иминистрроума, уи иаԥнаҵароуп аҭагылазаашьа атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳабшьҭрақәа рыԥсадгьыл ахь игьежьырц азы. Уи иаанагаӡом планк ҟаҵаны, иахьа 19-ҩык ааҳгоит, уаҵәы, уаҵәашьҭахь еиҳаны иааҳгоит ҳәа. Адунеи аҿы иҟоу аԥышәа дуқәа ҳхы иаҳархәароуп. Иҳамбои, Израиль иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ҳара ҳҟны ҳдиаспора гьежьуазар, ус ирҿагыло уаҩ дыҟаӡам. Амҩақәа ԥшаатәуп иҵегьы агәаҳәара рызҭо аара, апропоганда ҟаҵатәуп. Еиҳарак сгәы иаанаго иҟаҵатәу ҳәа-аиҭанаиааира ырҭбаатәуп. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа Ҭырқәтәыла, Сириа санцалоз ыҟан, мызлагьы санаанкылозгьы ыҟан, ирҳәоз есымша амҩа ыҟам ҳәа ауп. Уи иашоуп, аха дара ирылшогь акы ыҟазароуп. Ҳара ҳамҩа аартуп, дара реиҳабыра роуп амҩа змырҽеиуа. Иаҳҳәап, Кавказ еиуоу ауаа миллионла Ҭырқәтәыла инхозар, 7-8%процент уа инхо ауаажәларра рҟынӡа иҟазар, Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра, ақырҭқәа рганахь маҷк рылақәа ааркны, ауаа реиҭанаиааира азы амҩақәа ҟарҵар бзиан. Ҳара ҳалшара атәы ҳҳәозар, Ҭырқәтәыла ҳазханамҵаӡеит, иҳалшаӡом мчыла ари атәыла анапы ырҵәины, ҳаӷбақәа неиуа-иааиуа аҟаҵара. Аха амҩақәа ԥшаатәуп, иҵаҳшәаароуп ус иҟоу аусқәа. Адиаспора дара рымч-рылша, рыжәҩахыр еибыҭаны, рҳәоу еиқәшәо аусқәа ирызныҟәар, џьара акалҵуеит.
- Уи еиҳа азҿлымҳара аҭазар, арепатриациа аус анагӡаразы алҵшәа амоуп ҳәа агәаанагара шәымоума?
— Сара исгәалашәоит, аибашьра ҟалаанӡа, Қырҭтәыла шыҟаз амҩа аартын, автобусла, хатә машьынала ианаауаз, амҩа ыҟан. Уажәы аӡыӷба, ма аҳаиртә мҩа, уаҳа даҽакала узцаӡом, узааӡом, мамзаргьы даҽа ҳәынҭқаррак ала уныҟәароуп. Зны-зынла иаҳҭахәуп аурыс ҳәынҭқарра зегьы алаҳагӡар, ус иалшаӡом. Уи иара ихатәы интересқәагьы имоуп, урҭ аинтересқәа еснагь ҳдиаспореи ҳареи ҳинтересқәа ианрықәымшәогь ыҟоуп. Уи ус шакәу, аурысқәагьы, аҭырқәцәагьы,аԥсуаагьы зегьы ирдыруеит, аҭоурых рацәак салаларым уажәы. Абарҭқәа зегьы еилкааны, иалшо ала, аус рыцәаны иутәуп. Абарҭ амҩақәа ҳзыҟаҵар, ара иахьааиуа иманшәалахартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳзаԥҵар, уи зегьы иреиӷьу усхоит
- Уаҳа мҩақәас ижәбои?
— Аекономика алшарақәа рымацара азхаӡом ари аус аҿы. Аидеологиа аганахь ала ирацәаны аус утәуп. Ателехәаԥшроума, арадио аума, аминистррақәа роума, зегьы рымч-рылша адзароуп ари аус. ААУ аректор Алеко Алықьса-иԥа, уи аганахь шьаҿак ԥхьаҟа иныҟәаз уаҩуп. Уажәы азеиԥш нхарҭа ҟарҵеит, убри ашьҭахь, астудентцәа рырхынҳәра, аҳәынҭқарра ацхыраара анаҭароуп. Ари ҳәынҭқарратә программаны иҟаҵатәуп. Аминистррагьы хсаалак амазароуп, программаны, планны ишьҭыхтәуп. Уи иазхәыцтәуп, ганрацәала иҭҵаатәуп. Адәы ҳахьықәу иаҳмаҳауеи, "аҭырқәцәа" ҳәа анырзырҳәо ыҟоуп. Уи ҳхашҭроуп ҳара аԥсуаа. Урҭ аҭырқәцәаӡам, иаԥсацәоуп. Даргьы ирҳәарц рылшоит ҳаргьы ҳаурысцәоуп ҳәа. Избанзар ҳара ҳхәыцра уи аган еиҳа иаднакылоит. Дара рхәыцшьа, ҳәарада, иахьиз, иахьааӡаз иҟаз аидеологиа хәыҷык анымыԥшырц ауӡом. Аха, уи ҳхаҳаршҭыроуп, дареи ҳареи аҳәара ҳаҟәыҵроуп, зегь ҳара ҳауп.
- Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭеи, ҳазҭагылоу аамҭеи еиҿҳарԥшуазар, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа аԥсуаа рацәаҩума, уи азы ирыԥгылоу амзызқәа ыҟоума, иҟазар урҭ рырҽеишьа мҩақәас иаман ижәбои?
— 140 шықәса еибамбаз ауаа аибабара ҳаналага, ҳагәқәа ҳарҭынчит. Сара иҵегьы санеиҵаз, Аԥсны инхо ида ԥсыуак данысымбацыз, убасҟан аԥсшәа зҳәо адунеи аҿы Аԥсны ада џьара дыҟоумашь ҳәа схәыцуан? Нас еиҳа саныҩеидас, еилыскаауа салагеит, џьара иҟоуп, аха аԥсшәа рҳәомашь?— ҳәа. Убас сазгәыкуа салагеит, абарҭ ирҳәа аԥсшәа знык исаҳандаз ҳәа. Арҭ зегьы ҟамлеи. Иҳаҳаит, ҳцеит, ҳааит, ҳаибабеит, хәыҷыкгьы ҳаишьцылацәеит. Абри аҵарра еснагь угәы иҵагылазар ауп. Есымшатәи аусқәа ианыруакхалак, уи анухашҭуагьы ыҟоуп, арагьы иҳахьыз уи акәзар ҟалап. Амилаҭ абзиабара, апатриотизмра, агәыкра-арҭ даҽа категориақәоуп, даҽакала иазхәыцтәуп, иҵауланы иазнеитәуп, аидеологиатә ус рацәаны иаҭахуп Аԥсны, иара убас ҳдиаспора ахьынхогьы. Зыхшыҩ уиаҟара имшәыц, апатриотизм рацәаны излоу, аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы уи рылоуп. Убри ҳхы иархәаны, Аԥсны зымбац, уи иазгәыкуа аҿар, зхатә гәаанагара змоу, Аԥсны шаҟа ибзиоузеи, иԥшӡоузеи ҳәа ишазхәыцуа, ианааилак аԥсҭазаара имҩаԥысуа ианналагылалак, маҷк даҽакхоит. Убарҭ ргәы камҳарц, реиҿырԥшра агәҭа ибжьоу ажра амцхә иҵауламхарц азы, даар аус рацәаны иадулатәуп. Уи амал аҭахӡам ирацәаны, уи ацәажәара аҭахәуп, агәыбылра аҭахәуп, гәыкала уазыҟазароуп, усҟан ауп акы аналҵуа. Иарбан усзаалакгьы, угәаҟынтә ҟәырҷаха хәыҷык анузадымҵа, иҟаҵаны иҟоугьы хыбгалоит.
- Шәара изныкымкәа ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа шәырҭаахьеит. Убарҭ аамҭақәа шәрызхьаԥшырц сҭахуп. Дабажәбеи раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцә инхо аԥсуа, иабашәаҳаи уи ииҳәоз аԥсшәа ашьҭыбжь?
— Сара раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла сцеит саныстудентыз. Усҟан, Қарҭ аҵара сҵон аполитехникатә институт аҿы. Асовет Еидгыла уаанӡатәи аԥыза министр Косыгин, Ҭырқәтәыла дцан, аимадарақәа ҟалеит Ҭырқәтәылеи Асовет ҳәынҭқарреи рыбжьара. Ҳара ҳганахь ала, Сарԥынӡа амҩа ҟарҵеит. Дара рганахь ала амҩақәа ыҟаӡамызт. Ҳара ҳинституи Самсунтәи ауниверситети аешьара ҳабжьаҳҵеит. Убасҟан 20-ҩык астудентцәа хар амамкәа аҵара зҵоз ҳалырхын, Қарҭ ҳдәықәырҵеит. Даара сазхьуан уахь ацара, Ҭырқәтәылатәи астудентцәа рбара акәымкәа, аԥсыуак ибара акәын исҭахыз. Самсун ҳахьнеиз сара дызбеит Аргәын ҷкәынак, аха аԥсшәа издырӡомызт. Нас иаб дааигеит, иаб аԥсшәа идыруан, ҳаицәажәеит. Уи ашьҭахь, Ҭырқәтәыла сҽеиҵыхны санцаз, Аԥсны акультура аминистрс саныҟаз ауп, 1989 шықәсазы. Усҟан, аиҭанаиааира маҷк ҳалагахьан. Фениа Аҩӡԥҳа, Гиви Допуа раԥшьгарала, Анзор Мықәба дцо даауа дыбжьан, даргьы арахь иаақәахьаз ыҟан, абас амҩақәа рхы ыҵырхуа иалагахьан. Адернеқьқәа реиҳабацәа еизан, Аҭаи Цәышба еиҳабыс даман абарҭ реизара, Џьенгиз Гогәуа, Ерол Қәҭелиа, Мумҭаз Шамба, Бганаа аҷкәынцәа, Сезаи Папба ухәа, аиҿкаара ҟарҵан, иҳаԥхьеит Аԥсны акультура еиднакылоз аделегациа. Аԥсуа ансамбль, ашәҟәыҩҩцәеи, акомпозиторцәеи, асахьаҭыхыҩцзеи ԥыҭҩык неидкыланы, 70-ҩык рҟынӡа ҳцеит Ҭырқәтәыла, ҳаҟан ҩымчыбжьа. Аҷкәынцәа даара ахарџь рхахьы иганы ҳрыдыркылеит. Ҭырқәтәыла зегьы ҳахысит. Аԥсуаа ахьынхоз зехьынџьара ҳзымнеизаргьы, Сҭампыл, Измиҭ, Есқьишьеҳир, Адаԥазар, Адана, Анкара, Самсун, абарҭ ақалақь дуқәа рҟны аконцертқәа мҩаԥаҳгеит, ажәахәқәа ҟаҳҵеит. Ари дара рзы ныҳәа дуӡӡахеит.
Ҭырқәтәыла иҭыҵуаз ажурналқәа, агазеҭқәа ирнырҵеит. Ҳаҳьнеилакгьы ҳара аԥсышәала ҳамцәажәар ҟалаӡомызт, ԥсышәала ҳақәымгылар ҟалаӡомызт. Усҟан иаԥырымхӡацызт азакуан, Ҭырқәтәыла адгьыл аҿы ҭырқәшәада даҽа бызшәак ала ацәажәара. Аха, дара Европа иалаларц ахьырҭахыз азы, урҭқәа маҷк иагрыжьуа иалагеит. Араионқәа рҿы ҳақәгылеит ибзианы, аха Анкара ҳанааи уадаҩрак шыҟаз збеит. Мумҭаз Шамба сеиҭеигон сара. Аспорт зал дуӡӡак аҿы аизара ҟарҵеит, анасмбль ықәгылаанӡа ажәа сырҭеит, аха сара саԥхьа амикрофон ықәдмыргылаӡеит. Мумҭаз иаԥхьа иқәгылан амикрофон, сара исҳәоз азал зегьы ирмаҳауа, ҭырқәшәала ииҳәо раҳауа. Аха, Мумҭаз имикрофон ааирҵәиин, са сахь ахы ааирхан, сажәа аанҵәаны аиҭагара аҟынӡа санааԥшлак, ауаа зегьы гыланы рнапеинҟьара иалагон. Ҳара ҳтәқәагьы Ҭырқәтәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистрра маҷк гәыбӷан рырҭазаргьы, иакәым егьырзырымуит. Уинахыс ҳаибабара, ҳаиԥылара иҵегьы ирацәахеит. Аибашьра аԥхьа мчыбжьыкгьы бжьысуамызт гәыԥк арахь имаауа, гәыԥк уахь имцо, аижәлантәқәа еиҭанаиааиуа иҟамлакәа. Ус, астудентцәа Али Ашәба дызлаз раԥхьатәи агәыԥ арахь ауниверситет иҭаларц иаарго иалагеит. Сонер Гогәуа, Ерқан Қәҭарба, уҳәа 26-ҩык астудентцәа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааргеит, даарагьы аиҭанаиааира алҵшәа аманы, агәыбылра ацны иҟан. Аибашьра ианалага, уи иаҳнардырыз рацәоуп, еиднакылаз рацәаҩхеит. Иарбан цәгьаразаалакгьы абзиара зцым ыҟаӡам. Аибашьра анеилга ус агәаанагара сыман, иҵегьы ҳабӷа еиҵыхны, иҵегьы ҳалшарақәа ырҭбааны аусқәа маншәаланы иҟаҳҵоит ҳәа. Ахара аӡәгьы идуҵар ҟалаӡом, иҳалымшазгьы акыҟазар акәхап. Ара ҳара ҳҭакхеит, ҳҿаҳәахеит. Уи акәым Аԥсны инхоз абжаҩык ықәҵны ицеит, аџьабаақәа рацәаны иҟалеит. Ауаа зегьы еиԥшым, Аԥсны хәыҷуп, аха ауаа бзиақәа даара ирацәоуп.