Аҟәа амшынԥшаҳәа ахәҭа ҭаҳаит

Аҟәа акраамҭа иауаз ақәа иахырҟьаны амшын аԥшаҳәаҿы аԥшахәҭак ҭаҳаит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Акаҳуажәырҭа "Пингвин" ахьыҟоу аҭыԥ аҿы амшынԥшаҳәа ахәҭак ҭабгеит. Аҭыԥ акәырша аҭоуп машәыр ҟамларц ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҿынтәи Sputnik акорреспондент.

Амшын аҟәара ҵнаӡәӡәаауеит. Ари изныкымкәа иҟалахьеит аха акаҳуажәырҭа зхатәу дара рымчала аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алдыршоит. Уажәазы иҟоу аԥара рацәа аҭахуп, аха ус шакәугьы акаҳуажәырҭа "Пингвин" аԥшәмацәа уи рхахьы иргоит. Иара акаҳуажәырҭа аусура акәзар иҟалаз ахҭыс анырра анаҭом, аус шауц иаулоит.

Аҟәа амшынԥшаҳәа ахәҭа ҭаҳаит