Арадио

Чачхалиа еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа Ауадҳара раамҭа шырхырго

Ашколхәыҷқәа рлагерь "Ажәеиԥшьаа" Ауадҳара ишымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит алагерь анапхгаҩы Басхан Чачхалиа.
Sputnik
Чачхалиа еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа Ауадҳара раамҭа шырхырго

"Ахәыҷкәа рыԥсшьараамҭа иалагӡаны иазгәаҭан иҳамоуп х-маршрутк, ҳазҭаауа аҭыԥқәа рҭоурых рзеиҭазҳәаша аинструкторцәа ыҟоуп. Ахәыҷқәа даара ирҭахын ахыци ахәымпали рыла ихысырц, уигьы рзеиҿкаахоит, Аҟәантә ҳарзыԥшуп асасцәа. Ақәа анлеиуа аамҭазы имҩаԥаагоит аспорттә хәмаррақәа, ахәыҷқәа агәҽыӷь иагартә еиԥш иҟам. Фатәыла-жәтәыла ҳаиқәшәоуп, алашара ыҟоуп. Ахәыҷқәа ргәабзиара ҳацклаԥшуеит, еснагь дҳацуп амедиаҳәшьа, аӡәы ацхыраара ласы иҭаххаргьы, мамзаргьы ахәышәтәырҭахь дгатәхаргьы АҶА ацхыраара ҳарҭоит. Ахәыҷқәеи рҭаацәеи еснагь аимадара рыбжьоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Чачхалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.